Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Озган: Аԥсни Урыстәылеи рзеиԥшҵакыра аиҿкаара аҿҳәара иақәшәо имҩаԥысуеит

© Foto / Минздрав АбхазииЗаседание рабочей группы по вопросам реализации Программы формирования общего социального и экономического пространства между Республикой Абхазия и Российской Федерацией.
Заседание рабочей группы по вопросам реализации Программы формирования общего социального и экономического пространства между Республикой Абхазия и Российской Федерацией. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Анапаҵаҩра
2021 - 2023 шықәсқәа рзы инагӡатәуп Аԥсни Урыстәылеи рзеиԥшҵакыра аиҿкаара Апрограмма, уа иарбоуп атәылауаҩра, ашәахттәии аҳазалхратәии ҭышәныртәалара, аинвистициақәа рыхьчара иазку ауснагӡатәқәа.
АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рсоциалтәии рекономикатәии зеиԥшҵакыра аиҿкаара азҵаарақәа рзы Апрограмма анагӡараз аусутә гәыԥ реилатәара. Абри атәы аанацҳауеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аофициалтә лдаҟьа.
Аганқәа ахәаԥшит аинвистициатә, азинтә, ашәахтә, аҳазалхратә, агәабзиарахьчаратә усхкқәа рызҵаарақәа.

Аусутә гәыԥ ацхантәаҩцәа – Кристина Озган (аԥснытәи аган), Дмитри Вольвач (урыстәылатәи аган) ахәшьара ҳарак арҭеит аусбарҭақәа имҩаԥыргаз аусура, агәыӷра аадырԥшит иарбоу аҿҳәарақәа ирҭагӡаны ахықәкқәа нагӡахап ҳәа.

2021 - 2023 шықәсқәа рзы инагӡатәуп Аԥсни Урыстәылеи рзеиԥшҵакыра аиҿкаара Апрограмма, уа иарбоуп атәылауаҩра, ашәахттәии аҳазалхратәии ҭышәныртәалара, аинвистициақәа рыхьчара иазку ауснагӡатәқәа.
Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа, ареспублика азакәанԥҵаратә актқәа анап рыҵаҩреи рыдкылареи.
Аилатәара иалахәын Аԥснытәи аган ахь ала – Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба, Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Асоциалтә еиҿкаареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, афинансқәа, аиустициа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррақәеи Амилаҭтә банки рхаҭарнакцәа, иара убасгьы Аԥсны ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиаԥҳа.
Флаг Россия Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2020
Аԥсни Урыстәылеи рзеиԥшҵакыра аиҿкаара апрограмма кьыԥхьуп
Аилацәажәара иалахәын Урыстәыла аиустициа, афинансқәа, афымцамч, аџьа, аҵара, аҭҵаарадырра, ахәаахәҭра рминистррақәа уҳәа аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсни Урыстәылеи рсоциалтәии рекономикатәии зеиԥшҵакыра аиҿкаара азҵаарақәа рзы Апрограмма шьақәырӷәӷәан абҵара 12, 2020 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0