Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Выставка “Слезы Донбасса”
Выставка “Слезы Донбасса” - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2022
Анапаҵаҩра
Аекспозициа шьақәгылоуп Донецктәи ареспубликатә тәылаҿацәҭҵааратә музеи афонд аматериалқәа рыла.
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.
Ацәыргақәҵа еиҿкаауп Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничество Ахаҭарнакреи имҩаԥырго апроект "Аиааира аҵакыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Аекспозициа ианыԥшуеит Донецктәи Жәлар Рреспублика ауааԥсыра киевтәи арежим шрызныҟәо, еилаԥыххаау ақалақьқәа ринфраструктура, иҭахази ихәуи аҭынчуааԥсыра", - лҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беииаԥҳа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
1/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
2/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
3/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
4/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

1/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

2/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

3/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

4/4

Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа.

Мзиа Беииаԥҳа иазгәалҭеит Аԥсны ажәлар аибашьра закәу бзианы ишырдыруа, 1992 шықәсазы Қырҭтәыла Аԥсны ианақәла УНА-УНСО агәыԥқәа аӷа идгылан ишеибашьуаз. Убри аан Украина алада-мрагыларатәи ахәҭа ареспублика иадгылан, хаҭала донецктәи арацәаҵхҩыцәа амацәаз иҭакыз Тҟәарчал азы агуманитартә цхыраараа аарышьҭуан.
"Ари аиашьаратә цхыраара ҳхашҭны ҳаҟам. Иахьа Аԥсны аҵеицәа аинтербригада "Пятнашка" иалахәны Донецктәи Жәлар Рреспублика киевтәи арежим анеонацисттә еиҿкаарақәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы еибашьуеит. Иҟоуп аӷа иҿагыланы иҭахахьоугьы", - лҳәеит лара.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкааи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсни Донбасси ауаа рыԥсҭазааратә мҩақәа шеиԥылаз Асовет еидгыла анеилаҳа иҟалаз атрагедиақәа ирхырҟьаны.
"Аԥсны жәлар аиааира шыргаз аиԥшҵәҟьа Донбасс ажәларгьы аиааира ргоит. Аекспозициа атематика аганахь ала исҳәар сҭахуп актуалра шаҵоу, ацәыргақәҵаҿы иӡыргоу ахҭысқәа иаадырԥшуеит Лугански Донецки Жәлар Рреспубликақәеи, егьырҭ зых иақәиҭу ақалақьқәа рҭынчуааԥсыра рганахьала киевтәи арежим ахаҿра. Афотосахьақәа иҿаԥырҽуеит анацистцәа, иаадырԥшуеит урҭ ргыгшәыгра рхатә тәылауаа рганахь ала" - иҳәеит Шургалин.
Баннер с надписью Мы – русский Донбасс! на здании в Донецке.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2022
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны Урыстәыла Донбасс ахьчараз имҩаԥнаго аоперациа изадгылаз
Ажәабжьқәа зегьы
0