Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Беииаԥҳа ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" азы: уархәыцыртә иҟоуп

Беиаԥҳа ацәыргақәҵа «Донбасс алаӷырӡқәа» азы: уархәыцыртә еиԥш иҟоуп
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаартуп афотоцәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа". Амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит уи шеиҿкаау.
Аԥсныҟа иаагоуп Урыстәыла амузеиқәа жәпакы рҿы иӡыргаз "Донбасс алаӷырӡқәа" ҳәа хьӡыс измоу афотоцәыргақәҵа.
Урыстәылатәи Аиааира амузеии аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеии ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ацәыргақәҵа ҳтәылахь иаагахеит, ҳәа еиҭалҳәеит Беииаԥҳа. Иӡыргоу аматериалқәа гоуп Донецктәи амузеи афондқәа рахьынтә. Ацәыргақәҵа аус аулоит мызкы аҩнуҵҟа.
"Ацәыргақәҵа иагәылоу аинформациа даара иархәыцгоуп: анеонацизм ридеологиа, амилаҭ еичырчара аидеологиа аазырԥшуа аматериалқәа ыҟоуп. Еиҳарак Донецк иҟаз ахҭысқәа роуп иаарԥшу. Ашколқәа, ахәшәтәырҭақәа, аҩнқәа уҳәа еиларҟәаҟәаз зегьы убартә иҟоуп", - лҳәеит Беииаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0