Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра ӡыла аиқәыршәара иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Барцыц Гагра ӡыла аиқәыршәара иазкны
Анапаҵаҩра
Гагара араион ауааԥсыра аӡы азы ирымоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы иааиуа ашықәс азы мҽхакы ҭбаала аусурақәа рхацыркра азгәаҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны араион ахадара Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ахра Барцыц.
Гагра араион аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рыԥсахразы аусурақәа арбоуп 2023-2025 шықәсазтәи Аинвестициатә программаҟны, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа анапы алакхоит ари азҵаара, ҳәа азгәеиҭеит Барцыц ицәажәараҟны.
" Уажәы иҳауа аӡы ахаҭабзиара атәы ҳҳәозар- ибзиоуп. Аӡыҭгагатә станциа амаругақәа иахьынӡаҳалшоз иҳарҿыцит. Уи адагьы, иахьа аус зуа блыр излаҳаԥсахуагьы аахәаны ишьҭоуп. Аӡы иазку аус ду аҳәынҭқарра ахада Гагра иҟазараан дызлацәажәоз, уи 2023 шықәса алагамҭа инаркны 2025 шықәсанӡа Аинвестициатә программа ала имҩаԥысраны иҟоуп. Ақалақь зегьы ӡыла аиқәыршәара азгәанаҭоит. Араион амчала уи аҟаҵара ҳалшаӡом. Иахьа уажәраанӡа ажәытә иҟаҵаз аӡымҩангагақәа рыла ауп ҳшааиуа. Усҟан ақалақь иқәынхози иахьеи рхыԥхьаӡара еиԥшӡам, ауаа иаҳа ирацәахо иалагеит, зегьы аӡы рыҭара ҳахьӡазом. Убри аҟынтәи аҩн дуқәа реиҳарак шьыжьымҭани уахеи ҩба-ҩба сааҭ аӡы роуеит", - иҳәеит Барцыц.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0