00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. В чем главная тайна Достоевского?
14:04
23 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Как Достоевский создавал психологию 5D
14:33
24 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы
Анапаҵаҩра
Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара иазку аиԥылара мҩаԥган аҳҭнықалақь аҟны.Уи алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә бааҟақәа рыхьчара аҟәша аиҳабы Шандор Ҟаитани азиндырҩы Дана Кәыџԥҳаи.
Аԥсны аҭоурых - культуратә баҟақәа рсиа шьақәыргылан 2015 шықәса анҵәамҭазы, уи иаҵанакуеит 1535 баҟа. Уи асиа анаҩсгьы азакәан инақәыршәаны иҟоуп ҿыц иаарԥшу абаҟақәа рсиа, ихадоу асиа еиԥш амч змоу, иҳәеит Ҟаитан.
"Арҭ абаҟақәа зегьы аҳәынҭқарра иахьчалароуп, атәылауаа ԥхасҭа рырымҭароуп, избанзар ари ҳара ҳмазароуп, ҳбеиароуп. Аҭагылазаашьа атәы уҳәозар, абаҟақәа ахьыҟам ауп уадаҩра ахьыҟам. Зегьы ирзеилкаауам урҭ рҵакы шдуу, уи аилыркааратә ус амҩаԥгарагьы мариам. Адукатцәа рхеилак иҭабуп ҳәа расҳәоит ас еиԥш астол гежь ахьҳадыргалаз, избанзар азҵаара даара актуалра амоуп", - иҳәеит Ҟаитан.
Азиндырҩы Дана Кәыџԥҳа илҳәеит Аԥсны акультуратә ҭынха ахьчаразы 1998 шықәсазы ирыдыркылаз азакәан шыбзиоу, аха аныҟәгара шыцәгьоу. Азакәан 20 хәҭаҷ иназынаԥшуа арҽеирақәа алагаларазы ирхиан, аха Жәлар реизара ахәбатәи ааԥхьара реилатәараҟны актәи аԥхьараҟны ирыдыркылеит, анаҩс аус адулара мҩаԥымсит, ҳәа азгәалҭеит азиндырҩы.
"Иаҳа ихадоу ауадаҩра ҳәа иҳамоу аҭоурыхтә ҭынха иаҵанакуа аобиектқәа рприватизациа, рхатәтәра, рыҭира. Абри апроблема инарҭбааны ҳазааҭгылар ҳҭаххеит. Азакәан 31-тәи ахәҭаҷ аҟны иаҳәоит Аԥсны аҳәынҭқарра иатәызар аҭоурыхтә-культуратә ҭынха, ахатәтәра ҟалаӡом. Иҳамоуп апрецедент ус еиԥш аҭира аныҟаз, ҳаҿагыланы иҳаргьежьит аӡбарҭа иабзоураны", - лҳәеит Кәыџԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0