Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәаӡԥҳа "Адац" ааӡамҭацәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхаразы: иаҳа рхы аус адырулоит

Кәаӡԥҳа "Адац" ааӡамҭацәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рылахәхаразы: иаҳа рхы аус адырулоит
Анапаҵаҩра
Санкт–Петербург имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабраҟны гәдоуҭатәи акәашаҩцәа қәыԥшцәа рхы шаадырԥшыз еиҭалҳәеит ансамбль "Адац" азыҟаҵаҩ Елана Кәаӡԥҳа.
Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац" актәи аҭыԥ ааннакылеит VIII Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Агәыӷра аԥрақәа" аҟны Санкт- Петербург. Афестиваль иалахәын Урыстәыла арегионқәа 18 рҟынтәи акәашаратәи ашәаҳәаратәи ансамбльқәа, иара убас Аԥсни Ҟазахсҭани рҟынтәи аколлективқәа. Аԥснынтә иқәгылеит ансамбльқәа: "Адац", "Иааирума". Аҩ-коллективк ақәратә категориақәа рҟны актәи аҭыԥқәа ааныркылеит.
"Ҳансамбль аҟны иҟоуп ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны асценаҟны ицәырҵыз, иҟоуп аԥышәа маҷны измоу, иара убас изныкымкәа афестивальқәа, аицлабрақәа зхы рылазырхәхьоу, аԥхьахәқәа аазгахьоу. Ансамбль акәашацәа иҟоуп 9-10-11 шықәса зхыҵуа. Ансамбль анапхгаҩы Руслан Мкан-иԥа Дбар акрааҵуеит аус адиулоижьҭеи. Ҳаидгыланы акәашара абзиабара, агәыбылра рылаҳааӡуеит", - лҳәеит Кәаӡԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ансамбль ааӡамҭацәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа ианрылахәу иаҳа рхы аус шадыруло, егьырҭ атәылақәа рҟынтәи рықәлацәеи дареи шеибадыруа, Аԥсны ахьӡ аҭыгара ишашьҭоу.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0