Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дҳацәцеит мацәысҵас дааҳҿаҷҷаны: Виачеслав Ҷыҭанаа игәаларшәара

© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанаа
Виачеслав Ҷыҭанаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа апоет Виачеслав Ҷыҭанаа игәаларшәара иазикит.
… Сҩызцәа, игәыӷуа исзыԥшыз,
Еиқәтәаз сгәеисыбжьы шышәныҩуа,
Исзымҳәаз ажәа, сгәы иҭашыз,
Сызхьымӡаз сашәала сышәҵәуа!..
Виачеслав Ҷыҭанаа
Шықәсқәак раԥхьа иуцәыӡыз уҩыза гәакьа иҟамзаара еиҳа-еиҳа иуныруа ианалаго, уи уааигәара уаҳа иԥсы ҭаны дышзымгыло, мчыла ухы агәра анаургалак ауп… Уи агәаанагара уара даара акыр уаҿагылоит, унԥан иқәужьлаӡом, аха зегьы акоуп, ани узықәгәыӷуа агәыӷра арахәыц-па еиҳа-еиҳа иумпыҵанҵәоит, раԥхьа, уи ибжьы уханаршҭуеит, нас, иччаԥшь, аҵыхәтәан- иҟазшьа… Уаргьы иумбаӡакәа иара игәалашәарахь узго амҩахәасҭақәа уцәыӡуа уалагоит, урҭ ашьац "рықәиаауеит", адәыԥшӡеи иареи еиԥшнатәуеит, аиҩдыраара уцәыцәгьахоит… Уи бзиан иугәаладыршәоит апоет ицәаҳәақәа:
Вячеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.11.2020
Есымша исыцу сҩыза: апоет Виачеслав Ҷыҭанаа игәаларшәара
Агага аԥшәеиԥш,
Ихыгагаауп адәҳәыԥш.
Иашәызшәоуп ашәшьы,
Ишыҟоу уажә аԥшшәы…
Уи цқьа ирыԥхаӡам,
Амра иац шьыжьӡа,
Уа анаҟә цәаак ашьит,
Адәҳәыԥш агәы хәашьит…
Виачеслав Ҷыҭанаа игәалашәара ҳхызмрыԥсаауа иҟазшьеи иуаҩра ҷыдеи рнаҩсангьы, иҟоуп ипоезиа, зыбжьы рдуны "имцәажәо" аха иаҳәо ухы-угәы аҟынӡа инеиуа, знык угәы ианҭала акыраамҭа уоунамыжьуа, шәахәахаак уахьрыԥшны узгало ашәаԥшь ԥшӡа ахькыду аҭыԥ аҟынӡа.
© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанаа
Виачеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Виачеслав Ҷыҭанаа
Абар, уи ирҿиареи, иара убасгьы ижурналистикатә уси дышрыхцәажәо иҩыза, апоет-академик Владимир Занҭариа: "Иажәеинраалақәа зегьы профессионалтә ҩаӡарала еиԥшым, иҟоуп еиҳа иқәҿиаз-иқәымҿиаз. Аус злоу, иҟоуп агәаӷь, арыц". Аибашьра ҟалаанӡа Слава Ҷыҭанаа аус иуан ажурнал "Аԥсны аҟазара" алитературатә усзуҩыс. Хаҭала иара илиршазгьы рацәоуп ажурнал ахаҭабзиареи, ахаҿреи, астильи еилыхха иҟалартә аус аиҿкаараҿы, иреиӷьу акультуреи аҟазареи рхаҭарнакцәа рықәгыларақәеи ринтервиуқәеи разрыхиараҿы. 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан уи баҩхатәрала аус иуеит арадиостанциа "Би-би-си" акорреспондентк иаҳасаб ала. Ҳажәлар рԥыза ду Владислав Арӡынба имихыз аинтервиуқәа иаҳа ианаҭахыз аамҭазы адунеи зегьы иахыҵәоит. Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа ҵабырг аарыԥшра иазкуп усҟантәи аамҭазы иара еиҿикааз егьырҭ актуалтә материалқәагьы."
© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанаа иҩызцәа рыгәҭа
Виачеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Виачеслав Ҷыҭанаа иҩызцәа рыгәҭа
Апоет Виачеслав Ҷыҭанаа илаԥшҳәаа ҭбаан, уи ипоезиа абызшәеи, аԥсуареи, ҳаԥсабара аԥшӡареи аҳәаақәа инарҭысны, аԥсуа иҵегь иахьихьуа аҭагылазаашьақәа зегьы ирылахәын, игәанаҭон, ихәыцуаз ауаа иаартны иднарбон, аброуп цқьа иахьышәхәышәтәыша ҳәа:
Иҵәуоз асаркьалбжьы,
Ҳарҿыхон ҳарҭ шьыжьла.
Уи еснагь иҳалабжьон,
Ҭынч шәынха, шәынҵла…
Раԥхьаӡа уи гәнызкылаз,
Дҳацын апоет.
Иҟалаҵәҟьаз шыҟалаз,
Анаҳдыргьы иҳамҳәеит…
Ҳусқәаҵәҟьа ҳархашәалан,
Ҳзыҟамлеит мышкгьы…
Уи еснагь дҳахӡыӡаауан,
Даҳхылаԥшуан зегьы…
© Foto / Из архива Анатолия ЛагулааВладимир Қаԥбеи, Виачеслав Ҷыҭанааи, Анатоли Лагулааи
Вячеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Владимир Қаԥбеи, Виачеслав Ҷыҭанааи, Анатоли Лагулааи
50 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара ҿахҵәеит ҳҩыза ихьыз ачымазара бааԥс иахҟьаны. Аха урҭ ашықәсқәа рыбжьара дзыхьӡаз, иаԥиҵаз ирҿиамҭақәа, аус ахьиуаз арҿиаратә усбарҭақәа, даҽакала иуҳәозар, иаазыркьаҿу инысымҩа аԥхьаҩ идаагалоит:
Виачеслав Ҷыҭанаа диит 1955 шықәса, ноиабр 19 рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат № 1 даналга дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. 1978 шықәсазы иреиҳау аҵараиурҭаҿы иҵара хиркәшеит. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны") аредақциаҿы корреспондентс, ашьҭахь ажурнал "Аԥсны аҟазара" ("Аҟазара") аредақциа аҟәша деиҳабын, нас – аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.
© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанаа иҩызцәа рыгәҭа
Виачеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Виачеслав Ҷыҭанаа иҩызцәа рыгәҭа
Апоет ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол аҟны аҵара аниҵоз. Иҩымҭақәа рнылон ажурнал "Амцабз", нас "Алашара", агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны"), даныҩеидас – апоетцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа реизга "Еҵәаџьаа", аурысшәахь еиҭаганы ирнылеит аизга "Ерцахә" , насгьы "Однажды в апреле". Иажәеинраалақәа еидызкыло раԥхьатәи аизга "Исызгәакьоу аҿыҭбжьы" ҭыҵит Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны . Аҩбатәи ишәҟәы "Ажәҩан баҳча" аԥхьаҩцәа ироуит 1984 шықәсазы. 1987 шықәса акәзар, апоезиа абзиабаҩцәа ироуит Виачеслав Ҷыҭанаа иажәеинраалақәа реизгақәа ҩба: аԥхьатәи – "Амш мҩас" (аԥсышәала), аҩбатәи – ажурнал "Молодая гвардия" абиблиотека асериа ала иҭыжьыз "Золотая нить". Иалкаау иҩымҭақәа еидызкылаз аизга "Сызхьымӡаз ажәа" ҭыҵит 2005 шықәсазы.
© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанааи Руслан Қаԥбеи
Виачеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Виачеслав Ҷыҭанааи Руслан Қаԥбеи
Виачеслав апоезиаҿ данцәырҵ иаразнак деицгәарҭеит. Сара исгәалашәоит, 1978 шықәсазы, усҟан иара зынӡа дқәыԥшӡан, раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа шаҟа гәахәарыла дрыхцәажәан ажурнал "Алашараҿы" амҩа риҭаз усҟан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩыс иҟаз апоет Кәымф Ломиа. Убри нахыс апоет-ҿа ирлас-ырласны акьыԥхь аҿы дцәырҵуа далагеит, ишәҟәқәа ҭыҵит, апоетцәа хатәрақәа деицгәарҭеит. Абар, иара иҩыза, даара абаҩхатәра бзиа змаз апоет Рауль Лашәриа иара изкны ииҩуаз:
"Иҟалап, иара игәаҵа иҭацеиуаз аԥсҭазаара амцашыра ирласцәаны даблызар. Џьара дартәомызт, даргыломызт. Зегьы дрыхьӡарц, ибарц, иаҳарц иҭахын. Еснагь ццакырак ицын, мчы маӡак даршаҟьон. Виачеслав Ҷыҭанаа поетк иаҳасабала, уаҩышьала, ихаҿсахьа, даҽа хаҿсахьак иалаҩашьом, ҭахак изымҭоз еилахарақәа зегьы наҟ иԥхьеиҳәҳәон, ихаирышҭуан иԥсы еиԥш бзиа иибоз ипоезиа адоуҳа ашҭа данҭалоз. Араҟа дыццакуамызт Виачеслав. Иажәақәа зегьы агәыр аҵа икылиршәарц иҭахын. Иагьиқәҿион. Ирхәыз ауарбажә еиԥш, рымҵәыжәҩақәа кьынааӡа урҭ акьыԥхь аҿы иуԥыломызт. Ҵабыргыҵәҟьаны, иажәеинраалақәа ркультуратә еиҿартәышьа ҳаракын, апоезиатә гьама аганахьала ҽыԥныҳәак иҭашьа ыҟамызт. Сара дсыздыруам даҽа ԥсуа поетк, ихатәқәа ракәымкәа, егьырҭ ицнагаҩцәа, иҩызцәа рҩымҭақәа ҿырҳәала изҳәоз, урысшәала аҿҿаҳәа ажәеинраалақәа ирыԥхьоз."
Виачеслав ипоезиа есымша ицын, игәы иҭан, уи аԥшқа еиԥш амаршәа икуан, аамҭа еилахәашьыра иалганы, "амҵәыжәҩақәа" ԥымҵәакәа ирԥрит, иахьатәи ҳабиԥара инеимда-ааимдо иаԥхьартә ирзынижьит. Абар, уи шаҟа гәыкала, ешьазаҵәык ида даҽаӡә дызмам дышихцәажәо еиԥш, дахцәажәо:
Агәаҟра сақәшәеит, уара усыцын,
Усҟан сгәы иалакьакьоз қәыцын…
Ишулшоз уахеит, арахь иалухт,
Сызлацашаз амҩа ылухт…
Усыцхалт ахәы акаҵәара,
Снумыжьит сымацара.
Сааԥсаӡомызт- уԥшандаган,
Сымҩахәасҭа саԥхьа инаган.
© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанаа аҩны
Виачеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Виачеслав Ҷыҭанаа аҩны
Виачеслав Ҷыҭанаа иара данҳагха ашьҭахь ишәҟәқәа ҩба ҭыҵит, иԥҳа Амина аҭаацәара далалеит, хҩык ахшара лымоуп, иҷкәын Аинар анасыԥ хазына аԥиҵеит, Виачеслав захьӡу арԥыс изҳауеит, ихатә ҩыза-Нонна Делԥҳа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол аиҳабыс дыҟоуп, ажәлар рҵеира лааӡоит… Амала, ҳара иҩызцәа акызаҵәык ҳгәы ҳзырхьуа, уи Виачеслав имбаӡеит, дахаанымхаӡеит.
© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанаа иҭаацәа
Виачеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Виачеслав Ҷыҭанаа иҭаацәа
Аха иҟоуп ҳгәы збаауагьы, Виачеслав ипоезиа аԥсуа алитература иазҿлымҳау зегьы рхы-ргәы ихаакәакәараӡа иҭалоит, уаҵәы игыло аҿар ихьӡ иаҵаҽырбо ргәы издуны ирҳәартә иаанхеит!
© Foto / Архив семьи Читанава Виачеслав Ҷыҭанаа иҭаацәа
Виачеслав Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2022
Виачеслав Ҷыҭанаа иҭаацәа
Ажәабжьқәа зегьы
0