Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

300 коронавирус хҭыс инареиҳаны иаадырԥшит Аԥсны нанҳәамза актәи амчыбжь азы

© Sputnik / Томас Тхайцук Акция по бесплатному обследованию на ВИЧ и гепатит
Акция по бесплатному обследованию на ВИЧ и гепатит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны COVID-19 лаҵара-рашәарамзазы илаҟәны иҟазҭгьы, ԥхынгәымзаахыс хәыҷы-хәыҷла ицәырҵуа иалагеит.
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Нанҳәа 1 инаркны 8 рҟынӡа Аԥсны иаадырԥшит 312 коронавирус хҭыс ҿыц ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 23-ҩык акоронавирус зцәа иалоу ачымазцәа.
Жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы Аԥсны, адунеи зегь аҿеиԥш, акоронавирус лаҟәуа иалагеит. Мшаԥымза инаркны аковид аламырҵәаратә ԥкрақәа аԥырхит. Ԥхынгәымза ианалага инаркны акык-ҩбак акоронавирус хҭысқәа цәырҵуа иалагеит. Убас, ианцәырҵыз нахыс ҩымчыбжь анҵы 13-ҩык ачымазцәа ҟалеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0