Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҭоурыхҭҵааҩ игәаанагара иҳәеит иарбан ҭагылазаашьоу Қырҭтәыла Аԥсны иажәлар аналшо

Аҭоурыхҭҵааҩ игәаанагара иҳәеит иарбан ҭагылазаашьаҟны Қырҭтәыла Аԥсны иажәлар алшо
Анапаҵаҩра
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла аҟынтәи ршәарҭадара ахьынӡахьчоу, ақырҭцәа иахьазы рымпыҵахаларатә хықәкы иахьынӡацәхьаҵыз азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Аслан Аҩӡба.
Аахыҵ Уаԥстәыла нанҳәа 8 рзы иргәаладыршәоит 2008 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа излагаз аибашьра иахҟьаны иҭахаз аҭынч уааԥсыреи, абжьаҟазаҩцәеи аџьынџь ахьчаҩцәеи, аурыс аруааи. Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла адыррала, усҟан хәымш ицоз аибашьраан аҭынч уааԥсыра рҟынтәи 162-а ҭархан, 700-ҩык ахәрақәа роуит, 22-а аруаа Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан, урҭ рахьынтә ааҩык - ианҭаха ашьҭахь.
Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала Қырҭтәыла ажәылара ҿыц заԥшьнагом ҳәа.
"Урыстәыла аекспертцәа Қырҭтәыла ажәылара алшаӡом ҳәа зырҳәо, "ҳара уа ҳаҟоуп, иазхаҳҵаз ҳҩызцәа роуп, астратегиатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп, ҳара шәаҳҿагылоит ауп иаҵанакуа". Медведев ииҳәаз еилкаауп. Са сгәанала, Қырҭтәыла уи аҽазнашәар ҟалоит. Иахьа Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ирыдымгылаӡеит, аха уи иаҵанакӡом Қырҭтәыла Урыстәыла ашҟа ацәанырра бзиақәа амоуп ҳәа, иахьшәо ауп изыхҟьо. Иахьа Украина адемилитаризациа ҳәа имҩаԥысуа Қырҭтәылагьы иҟалар ауеит", - иҳәеит Аҩӡба.
Убри аан аҭоурыхҭҵааҩ иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирықәлар алшоит ҳәа шиԥхьаӡо Америка Еиду аштатқәа рҟынтәи ус еиԥш адҵа роур.
"Урыстәыла ар ахьгылоу, агеополитикатә интересқәа ахьыҟоу иахьабалакгьы амца ацрарҵар ҟалоит. Убри аҟынтәи, Қырҭтәыла ус еиԥш адҵа аиур, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ақәылара мҩаԥнагар ҟалоит. Украина Донбасс ахҭысқәа ирылагеижьҭеи аибашьра ҳзацәымцар ауеит… Имҩаԥысуа ахҭысқәа, агеополитикатә интересқәа уанрызхәыцуа, еиҿыбааны ҳрыхәаԥшуазар, аҭагылазаашьа уадаҩхар алшоит", - ҳәа иԥхьаӡоит аҭоурыхҭҵааҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Нанҳәа 8 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла мҽхакы ҭбаала бџьарла еиқәных Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы. Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы, Қырҭтәыла иақәыӷәӷәаны мчыла аҭынчра иазаанагарц азы ареспублика ар аланагалеит нанҳәа 12 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0