Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи акоманда "Атанктә биатлон" иалахәхоит АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны

© Foto / предоставил Вадим КамкияКоманда из Абхазии выступит на конкурсе “Танковый биатлон” в рамках АрМИ-2022
Команда из Абхазии выступит на конкурсе “Танковый биатлон” в рамках АрМИ-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Анапаҵаҩра
Аҵәҭаԥсарала Аԥсны акоманда аҩбатәи адивизион аҿы ирыцықәгылоит Зимбабве, Иран, Лаос, Мали, Мианма, Шьамтәыла, Судан, Таџьикистан, Аахыҵ Уаԥстәыла ркомандақәа.
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи акоманда "Атанктә биатлон" иалахәхоит АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳәеит Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкьиа.
Нанҳәа 8 рзы имҩаԥысит аҵәҭаԥсара. Иара аихшьалақәа рыла, Аԥсны акоманда Зимбабве, Иран, Лаос, Мали, Мианма, Шьамтәыла, Судан, Таџьикисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла ркомандақәа ирыцықәгылоит.
Камкьиа иажәақәа рыла, Аԥсны акоманда агәыԥ аҿы актәи аҭыԥ ааннакылар, ҽааны актәи адивизион аҿы иқәгылоит. Аицлабрақәа ирылагоит нанҳәа 13 рзы.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 аԥснытәи акомандақәа быжьба рылахәуп: "Атанктә биатлон" - Алабино, "Ельбрустәи амацәаз" – Ҟабарда-Балкариа, "Аснаипертә рубеж" - Венесуела, "Иҷыдоу аҵҟьара" - Сергиев Посад, "Арра-медицинатә естафета" - Санкт-Петербург, "Ари акультуреи"; "Амилаҭтә чыс" - Алабино.
Аԥснытәи еизгоу акоманда шьақәгылоуп 80-ҩык аруаа рыла. Акоманда Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтәи иԥрит нанҳәа 3 рзы Москваҟа. Уажәы, Камкьиа иажәақәа рыла, дара рҽазыҟарҵоит. АрМИ-2022 ахәмаррақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 13 - 27 рзы 12 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы. Зынӡа 37 тәыла алахәхоит.
Форум Армия-2021. Танковый биатлон - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2022
Аԥсны
Аԥсны еизгоу акоманда арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 иалахәхоит
Сынтәа атәылақәа рхаҭарнакцәа ирымоу арратә лшарақәа рнаҩс, иӡырыргоит ркультура, рҵас, рқьабз.
Аԥсны акоманда изыцықәгыло агәыԥ аҿы актәи аҭыԥ ааннакылар, ҽааны актәи адивизион аҿы иқәгылоит.
Хышықәсоуп Аԥсны АрМИ иалахәхоижьҭеи. Сынтәа акоманда 36 еицлабра рҟынтәи быжьба ирылахәхоит, Венесуела имҩаԥысуа аснаипертә цәаҳәагьы налаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0