Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳаразиа аԥсуа-абаза жәлар реимадара, реидгылара азҵаарақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳаразиа аԥсуа-абаза жәлар реимадара, реидгылара азҵаарақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-абаза жәлар реимадара зырӷәӷәо, еидызкыло ауснагӡатәқәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
"Аԥсуа-абаза жәлар реидгылара актуалтә зҵаарақәа", "Есышықәсатәи акультура-спорттә фестиваль "Абаза" аҵакы аԥсуа-абаза етнос аҿиареи ахьчареи ацхраараҟны", "Акультуреи аспорти рыла абаза жәлар реидгылара" ҳәа атемала Аҟәа аиԥылара мҩаԥган нанҳәа 5 рзы. Уи иалахәын Аԥсуа–абаза Адунеизегьтәи аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак.
"Хымԥада, зегьы ирҳәаз - ари (акультура-спорттә фестиваль "Абаза" - азгә.) иацҵатәуп иаҳагьы инарҭбааны. Шықәсык Аԥсны, анаҩс Ҭырқәтәыла, Нхыҵ-Кавказ инеимда-ааимдо имҩаԥгалатәуп ҳәа азгәаҭан. Ари заҭаху, ҳҿар еиднакылоит, аиҩызареи аиашьареи рыбжьанаҵоит. Нхыҵ Кавказынтә аҿар, еиҳаракгьы Ҟабарда–Барлакариантәи, Ҟарачы-Черкесиеи рҟынтә иааны атәылауаҩра ашықәс аҩнуҵаҟа ироуит 500-ҩык инацны. Даараӡа угәы иахәаратәы иҟоуп. Иуӡо акгьы ыҟаӡам, иахьатәи ҳҭагылазаашьаҟны ҳажәлар ахьеиҟәшо аҟынтә аҿаргьы уиаҟара агәцаракра рымамзар акәхап. Урҭ иаҳа инарҭбааны реизыҟазаашьа амҩа ақәҵаразы жәамш рнаҩс ҳарзыԥшуп 20 инаркны 30 шықәсанӡа зхыҵуа 70-ҩык рҟынӡа аҿарацәа Ҭырқәтәылантәи Иорданиантәи, убасгьы ҳашьцәа Абазашҭа аҟынтәи, Ҟабарда-Балкариантәи. Урҭ иааратәы ашәҟәы ҳашьҭит, ҳарзыԥшуп ԥсшьара", - иҳәеит Ҳаразиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0