Шәача ашьхараҿы хаҵак адыдмацәыс исын, дҭахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2022
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 7 рзы 47 шықәса зхыҵуаз ахаҵа 2100 метра амшын инахыку аҳаракыраҿы иаарту аҭыԥ аҿы дыҟан.
АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik. Шәача ашьхараҿы хаҵак адыдмацәыс исын, дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусԥшааратә еилакы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Ашьаусԥшааратә усбарҭа апресс-маҵзура.
"Шәача ақалақь Адлертәи араион ашьаусҭҵааратә ҟәша аусҭҵаара мҩаԥнагоит 47 шықәса зхыҵуаз Уфа ақалақь ауаҩԥсы иҭахара инадҳәаланы. Ахаҵа дҭахеит адыдмацәыс анис ашьҭахь", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Нанҳәа 7 рзы 47 шықәса зхыҵуаз ахаҵа 2100 метра амшын инахыку аҳаракыраҿы иаарту аҭыԥ аҿы дыҟан, ашьха Аибӷа аҟынтә алыбаара даҿын амацәыс анисыз. Иазгәаҭоуп аӡбарҭатә медекспертиза амҩаԥгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0