Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аӡбарҭа Асҭамыр Џьапуа амнистиаиураз изыҳәа мап ацәнакит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аӡбарҭа х-хәҭаҷк ирықәшәо ацәгьоуразы 20 шықәса абахҭаҿы ахгара зықәҵоу Асҭамыр Џьапуа изыҳәа иахәаԥшит.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аҟәатәи аӡбарҭа Асҭамыр Џьапуа амнистиа аиураз Аԥсны ААР азин ахьыҟанамҵаз азакәаншьаҭа амам ҳәа иазынаишьҭыз изыҳәа мап ацәнакит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа лаҵара 30 рзы иаԥнахит Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аӡбамҭа – Џьапуа иганахьала амнистиа ахархәара азакәаншьаҭа амам ҳәа. Аус аиҭахәаԥшразы актәи аинстанциахь иаргьежьит.
Џьапуа идукат иазиԥхьаӡоит Џьапуа Аԥсны ахьчараз аопреациақәа ирылахәыз иаҳасаб ала иҭакра ашықәс абжара ихыхзар ауп ҳәа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра агәрагара амоуп усеиԥш зыҟалом ҳәа иҭаку ахаҿы иганахьала.
Асҭамыр Џьапуа 2018 шықәса раахыс дҭакуп АА АЗ ахәҭаҷ 126 ахәҭа 3 апункт "в" (бысшьуеит ҳәа дыршәаны жәиԥшь шықәса зхымҵыц ахәыҷы лцәа аԥҽра), ахәҭаҷ 113 (ашьразы аршәара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара, амазаара) рыла иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рзы.
Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа мшаԥы 13, 2018 рзы иахәаԥшит 1981 шықәса рзы ииз, зықәра намӡац аӡӷаб лцәа ԥиҽит ҳәа ахара здырҵо Асҭамыр Џьапуа иус, 20 шықәсагьы ахгара иқәырҵеит зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы, иара убасгьы 15 000 мааҭ ахараԥса аҳәынҭқарра абиуџьет алагалара иқәырҵеит.
Иара убасгьы Асҭамыр Џьапуа ихарадҵа анихигалак ашьҭахь аҳәынҭқарратә органқәа рҿы хышықәса рыҩнаҵҟа аусура азин имхуп, ирратә чынқәа зегьы ихыхуп.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа цәыббра 24 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала амнистиаз ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, уи иаҵанакуеит хышықәсанӡа зус ӡбаны иҭаку, хәышықәсанӡа зус ӡбаны иҭаку, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа, арезервистцәа, 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациа алахәылацәа, раԥхьаӡа акәны ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоу, гәҭакыда ацәгьа замхауз, зықәра намӡац ахәыҷқәа, ахәыҷ-хымхәацәа змоу мамзаргьы зцәа зтәым, 55 шықәса ирҭысхьоу аҳәсеи 60 шықәса иреиҳабу ахацәеи, I - II агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәа, I-II агәыԥқәа ирыҵаркуа агәыҵәкра змоу.
Амнистиахь иаҵанакуеит ақәҵара амчра аиуаанӡа ирықәу ахәҭа зхызымгаци иара убасгьы ахақәиҭра алхәдатәра иаҵаркым ҳәа ахара зыдҵоуи. Амнистиахь иаҵаркым ацәгьоура хьанҭақәа ҟазҵаз ахаҿқәеи уаанӡа ариашара актәи амнистиеи зоухьаз ахаҿқәеи.
Наручники в отделении полиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2022
Аԥсны
Ацәгьоуцәа раҳаҭыр ҳаразкуа: амнистиа ахархәашьазы агәаанагара
Ажәабжьқәа зегьы
0