Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацәгьоуцәа раҳаҭыр ҳаразкуа: амнистиа ахархәашьазы агәаанагара

© AFP 2023 / Thomas SAMSONНаручники в отделении полиции
Наручники в отделении полиции - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2022
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза анҵәамҭазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ииашам ҳәа иԥхьаӡаны аиҭахәаԥшрахь иархынҳәит зықәра намӡац лцәаԥҽразы иҭаку Асҭамыр Џьапуа 2020 шықәса рзы Апарламент иаднакылаз амнистиа даҵанакуам ҳәа зҳәо Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбамҭа.
Амнистиа ахархәашьеи, абри аҭагылазаашьа зхылҿиаази, уи ариашашьеи рзы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Амнистиа, мамзаргьы азаҭ, аҳәынҭқаррақәа рхы иадырхәоит акрызҵазкуа арыцхәқәа риубилеитә мшқәа рзы. Азаҭ - анажьра иахаҿырбагоу ҳәынҭқарратә актуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра нҵәеижьҭеи изныкымкәа ацәгьоурақәа ҟазҵахьоу ауаа рганахь азаҭ рхы иадырхәахьан, аҵыхәтәантәи 2020 шықәсазы Жәлар Реизара иаднакылаз атәы ҳҳәозар, изызкыз иубилеитә рыцхәмызт, аҭыӡшәақәагьы акыр ахылҿиааит. Иахылҿиааит моу, иахьа уажәраанӡа ашьҭыбжь гоит.
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2020
Агәыҳалалра акт: Апарламент аиҳабы амнистиаз аӡбара шрыдыркылаз атәы иҳәеит
Цәыббрамза 24 2020 шықәсазы Апарламент 6-тәи Аизара иаднакылаз азаҭ азкын Аиааира 27 шықәса ахыҵра. Уи рыдыркылаанӡа ауаажәларра идырдырмызт иарбан категориақәоу ари амнистиа иаҵанакуа, насгьы избан ииубилеитәым арыцхә азы уи цәырымҵыр замуаз. Убасҟан Sputnik Аԥсны адаҟьазы изҩыз аколонка "Абахҭаҿы аҭыԥ ыҟаӡам" ахьӡын. Ус сҳәеит, избанзар, уи азаҭ азы апроект ӡырызгоз адепутат Валери Агрба иажәа иалан "абахҭаҿы аҭыԥ ыҟаӡам" ҳәа. Адепутат усҟан ирыдыркылаз амнистиа абзоурала уи азҵаара аӡбара шаиуа ҳирдырит.
Избан ҩышықәса рышьҭахь ирыдыркылаз азаҭ ахҟьаԥҟьақәа иахьа уажәраанӡа ауаажәлар заргәамҵуа? Излареиԥшымхазеи уи егьырҭ аминистиақәа?..
Рыцҳарас иҟалаз убри ауп, иара иаҵанакит иџьбароу ацәгьоурақәа ҟазҵахьоу ацәгьоуцәа (абахҭа иҭакызи, иара убас, зус аилыргара иаҿызгьы). Усҟан адепутатцәа ари азаҭ урҭ акатегориақәа аҵанакуам ҳәа агәра ҳдыргазаргьы, иахьа иааԥшит уи зынӡагьы ишиашамыз. Амнистиа иаҵанакуеит аибашьра аветеранцәа, иара убас, уаҟа иаԥыршьит Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәра иалаз ҳәа алкаа. Абри алагьы, зынӡа иоурмыжьуазаргьы, гәыԥҩык абаандаҩцәа ирықәыз ашықәс абжа нархыҵуа азин ҟаҵан.
Надписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
"Ҳара ҳҭынчраз", мамзаргьы Аиааира амш азхәыцра
Ишәгәаласыршәоит, уи рхы иадырхәар шауаз аурыс бизнесмен Сергеи Клемантовичи уи иҩыза Ольга Скаредновеи аҵеџь иҭажьны рышьра ацәгьоура аиҿкааҩцәа ируаӡәкыз Апарламент 5-тәи аилатәара адепутат Нодик Кәыҵниа. Амнистиа анажьра иасимволуп ҳҳәазаргьы, ацәгьоура ҟазҵаз раҳаҭыр ҳаракны, ааха зауз, алыԥсаа дзауз, ма зцәа ԥырҽыз ауаа рзинқәа реилагара иазкымзароуп.
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2017
Ацәгьоуреи ахьырхәреи
Азакәан инақәыршәаны, 2020 шықәсазы иҭрыжьыз азаҭ ианыркьыԥхь инаркны ҩымыз рыбжьара ахархәара аиур акәын. Аха, аҵыхәтәантәи ахҭысқәа ишаҳдырбо ала, иҟоуп амнистиа иаҵанакырц азы ззинқәа рыхьчара уажәыгьы иаҿу ацәгьоуцәа.
Лаҵарамза 30 рзы ицәырҵит ажәабжь Иреиҳау Аӡбарҭа ииашам ҳәа иԥхьаӡаны ҿыц аҭҵааразы Аҟәатәи аӡбарҭахь ишдыргьежьыз 20 шықәса зықәҵаны 2018 шықәса раахыс иҭаку ацәгьоуҩы Асҭамыр Џьапуа амнистиа ахәҭаҷқәа рхарахәаразы имаз азин аиҭахәаԥшра. Абаандаҩы Џьапуа идԥхьаӡалоуп "абџьар ахархәарала 14 шықәса зхымҵыцыз ахәыҷы бысшьуеит ҳәа дыршәаны лцәа аԥҽра, зинда абџьар аныҟәгара" уҳәа даара иџьбароу Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа.
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2017
Аӡысаамҭа иазымыӡәӡәо ахҭысқәа
Ажәлар ари ахҭыс дырҩегьых рыҭра иҭнарҟьеит. Аха ҳахәаԥшып аус даҽакала. Дарбан баандаҩу амнистиа зхы архәара зҽазызымшәо, иара уи даҵанакуазар? Асҭамыр Џьапуа, аинформациа ишаҳәо ала, Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәра далахәын ҳәа асправка аӡбарҭахь инеигеит. Ус анакәха, закәанла иқәу ашықәс абжа ахырхроуп. Жәлар Реизара адепутатцәа усҟан иааинырсланы иҭрыжьыз рзакәан "абҩарақәа" абар иахьцәырҵыз. Ариабжьарак ари ажәабжь заҳаз ауаажәларра рхаҭарнакцәа Џьапуа иганахь азаҭ рхы иадмырхәарц азы ашәҟәы рҩит азинтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рахь.
Ус акәзаргьы, азакәан аԥҟарақәа рыла, азаҭ аԥсахрақәа алагаламзар, уи Аконституциатә ӡбарҭаҿы ааха змоу рганахь изиндароуп ҳәа аӡбамҭа аднамкылазар, уи иаҵанакуаз зегьы рзы инагӡазар акәын.
Батал Табагуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
Арадио
Табаӷәуа амнистиаз ақәҵаразы: шьоукы рхы иҭашәаны, адепутатцәа рхы иархәаны иҟаҵоу усуп
Џьапуа идукат Марина Ҭаниа аӡбараҭаҿы лықәгылараҿы илҳәеит: "Шәара сара сыгәрага иганахь амнистиа шәхы иашәырхәар шәҭахӡам, аха ҳара азакәан азин ҳнаҭоит". Хаҭалатәи ҳаицәажәараҿгьы адукат илҳәеит лара илыхьчо амнистиа дшаҵанакуа. "126-тәи ахәҭаҷ ала ахара зыдҵоу ауаҩы, Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәра далазҭгьы, иқәу ашықәс абжа амнахуеит", - ҳәа адукат лажәа иалоуп. Абас иҟоуп азакәанқәа, ауаажәларра ари ахҭыс рзыџьашьатәызаргьы...
Ашьауӷатә усқәа ирыдҳәалоу адукат Рамина Ԥасаниаԥҳа лакәзар, ҳазлацәажәо аус азы илҳәеит лара дышлымоу ззинқәа лыхьчо абаандаҩы, аха уи иганахь амчратә струтурақәа азҵаатәы анагӡара дыргәагәоит ҳәа.
"Амнистиа рыдыркылеижьҭеи маҷ ҵуама, аха сара сызҿу иганахь азин ахархәара макьанагьы иалымшац. Сгәыӷуеит, дук мырҵыкәа уи ӡбахап ҳәа", - лҳәеит Ԥасаниаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, амнистиа иаҵанакуаз ацәгьоуцәа рзы имариамхеит азакәан ахархәара, "ҳара иҳауӡом амотивациа змоу аҭакқәа" лҳәоит лара.
Азиндырҩцәа ишырҳәо ала, ари азҵаатәы дахаҵгылар илшон Аԥсны ахада Аконституциатә ӡбарҭахь иааԥхьарала - азинтә аспектқәа рзы амнистиа ахәҭаҷқәа ахәшьара рыҭаразы, анаҩс, уи Апарламент ахь иргьежьны аԥсахрақәа ралагаларазы. Аха ҩышықәса нҭыкәкәа ицеит, аԥсахрагьы ыҟам, азакәан анагӡарагьы. Ауаажәлара ас еиԥш иҟоу акәамаҵамакәа рызгәаамыгӡозаргьы, аҳәынҭқарра амаа зку уи иахылаԥшлар акәын.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминстрра абри азы иҟарҵаз аҳәамҭа иаҳәоит "Азаҭ ахәҭаҷқәа аҿагылоит ацәгьоура ҟазҵаз иахьырхәра" ҳәа. Азиндырҩы Саид Гьезердаа иакәзар, Аԥсны анапхгара ирабжьигоит Аконституциатә ӡбарҭа иадҵааларц, Жәлар Реизара 2020 шықәсазы иаднакылаз азаҭ азы азакәан Аконституциатә нормақәа иахьынӡарықәшәо аилкааразы.
Ҿырԥштәыс иаазгарц сҭахуп Урыстәыла Аџьынџьтәылатәи Аибашьра ду 55 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз 2000 шықәсазы иҭыҵыз амнистиа ду ауаажәларраҿы агәынамӡара шцәырнагаз. Усҟан Апрокуратура хада, иара убас ауаажәларрагьы ашәҟәқәа рыҩуа иалагеит адепутатцәа рахь иџьбароу ацәгьоурақәа ҟазҵахьоу ауаа рӷьырак роушьҭра – ауаҩы иахьырхәра анормақәа ирҿагылоит ҳәа. Амнистиа иалагалан аиҭакрақәа, убри аҟынтә уи иаҵнакыз 877 нызқьҩык рахьтә зхы архәара зылшаз 188 нызқьҩык роуп. Аԥсуа амнистиа ашҟа ҳгьежьуазар, аиҭакра азумзар, иаҵанакуа акатегориақәа зегь рзы изинхароуп, аӡәы иҿы ухы иаурхәо, даҽаӡәы изы иаумырхәо ҟалашьа змам усуп.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0