Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адкыларатә кампаниа: заҟаҩ ҭалахьада сынтәа Аԥснытәи ауниверситет

© SputnikАГУ
АГУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит сынтәа заҟаҩ ауниверситет иҭалахьоу, адкыларатә кампаниа анхыркәшахо.
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Аԥышәарақәа зҭииз 600-ҩык рҟынтәи 523-ҩык абитуриентцәа актәи акурс ахь рыдкылараз абжьагара ҟаҵоуп. Абри атәы лҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Инга Арӡынԥҳа, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
"Арҭ 532-ҩык шеихаҳшо макьана иӡбам. Қәҿиарала аԥышәарақәа ирхысыз биуџьетшьаҭала аҵара рҵалоит, еиҳа ихьысҳаз – ахәшәаратә шьаҭала. Иҵегьы адкылара иацаҳҵоит. Уаҵәы аҵыхәтәантәи мшуп, адиктант мҩаԥгахоит", - лҳәеит Арӡынԥҳа.
Адкыларацҵа ахалархәразы 32 рзаҳал нашьҭын.
"Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1853-ҩык, абитуриентцәа – 600-ҩык ҳаман. ААУ абитуриентцәа ашколқәа роушьҭымҭацәа рҟынтә 32% ракәын иҟаз", - лҳәеит лара.
Арӡынԥҳа илҳәеит инашьҭыз арзаҳалқәеи аицлабра алҵшәақәеи рыла ишеилкаахаз абитуриентцәа еиҳа иалырхуа занааҭны ишыҟаз жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, ахархәаратә математикеи аинформатикеи, аграфикатә дизаин. Адкыларацҵа рылаҳәан абитуриентцәа ахьазымхаз азанааҭқәа рахь.
"Ари афизика, аматематика, агеографиа, абиологиа, азиндырра – латәарадатәи аҟәша, ашколқәранӡатәи аҵара, аҭоурых – аԥсуа сектор роуп. Абитуриентцәа рыдкылара мҩаԥысуеит 32 хырхарҭа рыла. Сынтәа раԥхьаӡа акәны иаадыртит ахырхарҭа "аскульптура". Арахь арзаҳалқәа аарышьҭит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭацәа", - ҳәа азгәалҭеит Арӡынԥҳа.
Биуџьетшьаҭала аҭалараан абитуриентцәа раттестат абжьаратә балл 4,1 инаӡароуп. Иара убриаҟара иҟазароуп зыхә ршәо аҵарагьы. Аха сынтәа, Арӡынԥҳа лажәақәа рыла, биуџьетшьаҭала иҭалоз рыбжьаратә 3,5 балл иҟан, хәыԥсалатәи аҵарахьы – 3,2.
Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2022
Аԥсны
ААУ имҩаԥнагоит анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура"
Ажәабжьқәа зегьы
0