Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Џьансыхә Нанба атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Джансух Нанба
Джансух Нанба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2022
Анапаҵаҩра
Ари амаҵзураҟны Нанба диԥсахит Алхас Кәыҵниа, уи Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабыс дыҟан ҩышықәса инарзынаԥшуа.
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Џьансыхә Нанба Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп, иара атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр инапынҵақәа наигӡалоит аминистр ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа.
Уаанӡа Џьансыхә Нанба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс, афинансқәа рминистрс дыҟан. Уи амаҵура даҭан 2018 шықәсазы. Мшаԥымза 2020 инаркны лаҵарамза 2021 шықәсанӡа Џьансыхә Нанба Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан. Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны Аԥсны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистрс дыҟан.
Дҭаацәароуп, ԥшьҩык ахшаара драбуп.
Алхас Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2022
Аԥсны
Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп
Ажәабжьқәа зегьы
0