Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳалбадԥҳа "Аԥсуара" ҵараусхкны алагаларазы лгәаанагара лҳәеит

Ҳалбадԥҳа "Аԥсуара" ҵараусхкны алагаларазы лгәаанагара лҳәеит
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иатәу азеиԥши азанааҭтә ҵареи рыҟәша аексперт хада, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Ҳалбадԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит "Аԥсуара" маҭәарны ашколқәа рҟны алагаларазы.
"Аԥсуара" аурокқәа ашколтә программа реиҭалагалара азҵаара иазкны Аԥсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс Адискуссиатә клуб аҟны аилатәара мҩаԥысит. Уи експертк иаҳасабала далахәын Аԥсны Жәлар рартист, амузыкант, адирижиор, акомпозитор Нодар Ҷанба. Иара еиҭеиҳәеит акультуреи аҵареи рминистрс даныҟаз аамҭазы (Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан – азгә.), аԥсуа ҵарауааи арҵаҩцәеи гәыԥҩык идкыланы "Аԥсуара" амаҭәар ашкол аҿы рызнагаразы арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара аџьабаа шадибалаз. Ҷанба иажәақәа рыла, ихатә архив аҟны еиқәханы иҟоуп 30 шықәса раԥхьа еиқәыршәаз арҵаратә программа, аусура аплан сааҭ-сааҭла еихшаны иахьарбоу. Ус шакәугьы, иахьатәи ашколқәа реихшанҵаҿы "Аԥсуара" амаҭәар убаӡом. Уи зыхҟьо ҳәа мзыз хадас иҟоу, Ҷанба игәаанагарала, аконцепциа змам арҵаратә системоуп.
"Аԥсуара" ихымԥадатәу ҵараусхкны иалагалаӡамызт ашколқәа зегьы рҟны уи аԥхьа, џьара-џьара арҵаҩцәа хатәгәаԥхарала имҩаԥыргон, аҽаџьара акласс анҭыҵтәи акружок аҳасабала лҳәеит аефир аҟны лцәажәараан Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Ҳалбадԥҳа.
"Ари азҵаара есышықәса ицәырыргалоит. Зны-зынла убас агәаанагара сымоуп, саҭамзааит, аха шьоукы алахәаахәҭыр рҭахушәа, избанзар аԥсуа милаҭ еиуоу ипсихологиеи, идунеии, иҟазшьеи, иааӡашьеи, иԥсҭазаара зегьи ааидкыланы знагашьас иауҭои ашкол аҟны? Ҳәарада, ус иҟауҵар ҟалоит актәи акласс аҟны дара ирықәнагоу, ирышьашәалоу, еилыркааша аматериал, аҩбатәи-ахԥатәи аклассқәа рҟны класс-классла… Сара 60 шықәса иреиҳауп ашкол самадоуижьҭеи. Арҵаҩы "абри бымоуп" ҳәа налаҳәаны, илзыҭиуама аурок? Иарбан иахьа сызлацәажәараны иҟоу, аԥсра-абзара, атәашьа-агылашьа, сеидроума, абри зегьы еидкыланы ахәыҷы изнагашьас иамоу еилыргатәуп. Акомиссиа ҟаҵаны, апрограмма шьақәыргыланы, ашәҟә хәыҷқәа сахьаркны иҟаҵаны ахәыҷқәа ирызнаҳгароуп. Уи акы. Иҩбахаз, аԥсуара ҳа ҳхаан ҳазлааӡаз иахьа ахархәара ахьамам ыҟоуп, ажәытәра иагазгьы ыҟоуп. Убри зыӡбода? Ишьақәыргылатәуп ашколтә программа класс-классла, нас ҳалацәажәар ҟалоит убри алагалара. Арҵаҩы "Аԥсуара" мҩаԥызго аӡыхь еиԥш дыцқьазароуп", - лҳәеит Ҳалбадԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0