Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аштаттә акқәа ринвентаризациа мҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьазы азакәанԥҵара инақәыршәаны абиуџьет аусхк аҟны аӡәы 1,5 штат еиҳаны имамзароуп.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны аштаттә ак аинвентаризациа мҩаԥысраны иҟоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аԥсны аџьазы азакәанԥҵара инақәыршәаны, абиуџьет аусхк аҟны аӡәы 1,5 штат еиҳаны имамзароуп. Аха ауаа хԥа-ԥшьба ҭыԥ ааныркылоит иҳәеит иара.

"Абиуџьет аусхк аҟны еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа аҭыԥ рымоуп. Еиҿкаарак аҿы аӡәы иусқәа анеилеигӡо ыҟоуп, иҟоуп анҭыҵгьы аус зуа. Ас ала аштаттә ак ахыԥхьаӡара иацлоит. Убри азы ашәахтә закәанԥҵара ақәныҟәаразы есышықәса имҩаԥаагоит аштаттә акқәа роптимизациа", - ҳәа азгәеиҭеит Делба.

Убри аан афинансқәа рминистр иажәақәа рыла, иҟалоит азакәан еиламгакәа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҿы аусура. Иаҳҳәап, аџьатә еилаӡарала акәымкәа, даҽа ҟазшьак ала. Азакәанԥҵара аилагараз аҭакԥхықәра аусзуҩ иакәымкәа аусураҭаҩ иоуп изқәыло.
Аоптимизациа, Делба иажәақәа рыла, иаанагаӡом аусуҩ хымԥада иамхра ма ауалафахәытә фонд аиҵатәра. Иҭацәуа аԥаратә фонд ала ауалафахәқәа рыцҵара алшоит.
Аминистр игәаанагарала, аоптимизациа иалнаршоит 90 миллион мааҭ рҟынӡа ах рақәиҭтәра. Аштаттә ак аоптимизациа 2015 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Делба иажәақәа рыла, ари есышықәсатәи усуп, избанзар аамҭакала азинеилагаҩцәа зегь раарԥшра залшом.
2021 шықәса рзы 2019-2020 шықәсқәа рзы Урыстәыла афинанстә цхыраара ахархәашьаз Урыстәыла Афедералтә казначеира имҩаԥнагаз агәаҭараан иаарԥшын аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рҿы аилагарақәа. Абри ашьҭахь иӡбан аинвентаризациа мҩаԥганы Амҩатә хсаалага азырхиазарц абиуџьеттә усхк аҟны аштаттә акқәа роптимизациаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0