Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нанҳәа анҵәамҭаз Аԥсны аԥсшьара 11% рыла еиҳа имариахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Жаркое лето 2022 года
Жаркое лето 2022 года  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2022
Анапаҵаҩра
Нанҳәа анҵәамҭа цәыббра алагамҭаз ахәыҷқәа зцу аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵахоит, уи атурқәа рыхәқәа алаҟәра анырра анаҭоит.
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. Нанҳәа анҵәамҭаз -25-31 иааз рзы Аԥсны аԥсшьара 11% рыла еиҳа имариахоит, амза агәҭатәи арбагақәа иаҿырԥшны, абри атәы аҩуеит "Вестник Ассоциации туроператоров России".

Ҭырқәтәыла еицырдыруа аԥсшьарҭақәа рахь нанҳәа 25-31 рзы иааз рыԥсшьара атурпакетқәа рыхәԥса бжьаратәла 26% еиҵахоит, амза агәҭатәи арбагақәа иаҿырԥшны, ЕАЕ –21%, Калининград –40%, Шәача - 70%.

Урыстәыла иаархәахьо атурпакетқәа реиҳарак Ҭырқәтәылаҟа ауп, атәыла аҩнуҵҟа аныҟәараз 12% аахәоуп, заанаҵтәи аҿаҵарақәа мҩаԥгоуп Египет, Еиду Арабтә Емиратқәа, Аԥсны ахырхарҭақәа рахь.
Нанҳәамза анҵәамҭаз жәамштәи аԥсшьаратә турпакетқәа рҟны зыхәԥса лаҟәу Калининград, Аԥсны, Шәача роуп. Бжьаратәла жәамш рзы ахәқәа абас рҽеихыршоит: 42,6; 44,4; 57,3 нызқь мааҭ ҩыџьа рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0