Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа танкистцәа аҩбатәи рекипаж "Атанктә биатлон" аҿы иқәгылеит

© FotoАбхазская команда в "Танковом биатлоне" на АрМИ-2022
Абхазская команда в Танковом биатлоне на АрМИ-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2022
Анапаҵаҩра
АрМИ-2022 мҩаԥысуеит нанҳәа 13-27 рзы 12 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы. Зынӡа уи иалахәуп 37 тәыла.
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Аԥсуа танкистцәа аҩбатәи рекипаж нанҳәа 19 рзы иқәгылеит "Атанктә биатлон" захьӡу аицлабраҿы АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны аполигон Алабино аҿы.
Аԥснытәи аруаа ирындаҭлон Аахыҵ Уаԥстәыла аруаа (дара зегьы иреиӷьны рхы аадырԥшит, 33:12 минуҭ рыла адистанциа иахысит), аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Таџьикисҭан аруаа - 33:15 минуҭ, Аԥснытәи акоманда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит – 43:09, аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит Судан – 53:38.
© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФорум "Армия-2021". Танковый биатлон
Форум Армия-2021. Танковый биатлон - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2022
Форум "Армия-2021". Танковый биатлон
Аԥснытәи акоманда иалахәын: атанк адҵаҟаҵаҩ, алеитенант еиҳабы Андреи Гушьин, ақәкҩы-аоператор, алеитенант еиҳабы Дамеи Ҷаниа, амеханик-рныҟәцаҩ, алеитенант еиҳабы Имран Кархалаа.
Аԥсуа танкистцәа амҽыша нанҳәа 14 рзы иқәгылеит "Атанктә биатлон" захьӡу аицлабраҿы АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭаџьикисҭани Судани ркомандақәа ирывагыланы. Усҟан Аԥснытәи акоманда аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
Аԥсны "Атанктә биатлон" иалахәуп 2020 шықәса раахыс. Раԥхьаӡа ҳаруаа аабатәи аҭыԥ ргеит, 2021 шықәса рзы - афбатәи.
Аицлабра "Атанктә биатлон" аҿы акомандақәа ҩ-дивизионкны еихшоуп. Атәылақәа зегьы злахәу хаҭалатәи аиԥхныҩларақәа рышьҭахь имҩаԥысуеит афиналбжа, уи иақәшәоит иреиӷьу акомандақәа 12, фба-фба дивизионцыԥхьаӡа.
Команда из Абхазии выступит в Танковом биатлоне на АрМИ-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2022
Аԥсны
Аԥсны АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны "Атанктә биатлон" аҿы актәи ақәгылара мҩаԥнагеит
"Атанктә биатлон" афинал мҩаԥысуеит нанҳәа 27 рзы, уи иалахәхоит ԥшь-командак. Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 аԥснытәи акомандақәа быжьба рылахәуп: "Атанктә биатлон" - Алабино, "Ельбрустәи амацәаз" – Ҟабарда-Балкариа, "Аснаипертә рубеж" - Венесуела, "Иҷыдоу аҵҟьара" - Сергиев Посад, "Арра-медицинатә естафета" - Санкт-Петербург, "Ари акультуреи"; "Амилаҭтә чыс" - Алабино.
Аԥснытәи еизгоу акоманда шьақәгылоуп 80-ҩык аруаа рыла. Акоманда Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтәи иԥрит нанҳәа 3 рзы Москваҟа.
Команда Абхазии на конкурсе Военно-медицинская эстафета - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2022
Аԥсны
Аԥсны арратә медусзуҩцәа АрМИ-2022 иалахәны аицлабра иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0