Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрба Аԥсны аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: зегь раасҭа ихадоу-ауаҩра аарԥшроуп

Агрба Аԥсны аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы: зегь раасҭа ауаҩра аарԥшроуп ихадароу
Анапаҵаҩра
Сынтәа аԥхын акурорттә аамҭа зеиԥшроу, ахәқәа рахьынӡаҽырԥсахыз, аԥсшьаҩы идкыларазы лшарақәас ирымоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апансионат "Литфонд" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Агрба.
Аԥхынтәи асезон аихшьалақәа рыла ииасыз ашықәс иаҿырԥшны сынтәа Аԥсныҟа атуристцәа 10% рыла еиҳаны иааит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин. Ари зыдҳәалоу иара иажәақәа рыла Аԥсны ахәқәа 10-15% рыла иахьеиҵоу ауп.
Сынтәа атуристтә сезон даараӡа ибзиоуп, ирыдҵаало рацәаҩуп ҳәа азгәеиҭеит Агрба аефир аҟны ицәажәараан. Асасцәа ахьрыдыркыло ауадақәа реиӷьтәразы, аамҭа иақәшәо аҭагылазаашьақәа рзаԥҵаразы аԥсшьарҭа ҭыԥ аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит арҭ ашықәсқәа. Ҵыԥх иаҿырԥшны ахәқәагьы халеит, бжьаратәла 8 нызқь мааҭ зхыршәаауаз ауадақәа сынтәа 11 нызқь рҟынӡа рхыршәаауеит, иҳәеит Агрба.
"Ауадақәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра анаҩсгьы аџьармыкьаҟны аԥара ахә леит. Аинфлиациа ҳахәаԥшны ԥхынгәы-нанҳәамзазы ахәқәа шьҭаҳхит 20-40% рҟынӡа", - иҳәеит Агрба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ԥсшьара, сасра иаауа рыдкылараан зегь раасҭа ихадароу ауаҩра аарԥшроуп ҳәа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0