Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аӡаҿы аԥҟарақәа реилагаразы ауаа ахараԥса дыршәара иазкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аӡаҿы аԥҟарақәа реилагаразы ауаа ахараԥса дыршәара иазкны
Анапаҵаҩра
Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аӡаҿы аԥҟарақәа реиалагаразы ахараԥса адҵара иазырхоу азакәан аԥсҭаазараҿы аус адырурц ргәы ишҭоу, насгьы уи аҟынтә изықәгәыӷуа алҵшәақәа ртәы.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа, уажәаԥхьа апарламент азакәантә актқәак рҟны иалагалаз аиҭакрақәа инапы рыҵеиҩит. Уи зызку аӡытә обиектқәа рҟны ауаа рыԥсҭазаара ахьчара ауп. Аӡы аҟны аԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса рыдҵахоит, убасгьы аплиажқәа разыҟамҵаразгьы ахьырхәра азгәаҭоуп.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадиоефир аҿы иҳәеит, аплиажқәа рзы аԥҟара аилагаразы 9 000 мааҭ инаркны 12 000 мааҭ рҟынӡа ишазгәаҭоу, аԥҟарақәа еилазго ауаа рзы 600 мааҭ инаркны 1000 мааҭ рҟынӡа.
"Макьана ахараԥса рыдҵара ҳаламгацт, аха хара имгакәа ҳгәы иҭоуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ҽакала иҳацәажәоит азы, атранспорт милициеи ҳареи ҳаилахәны аус еиҿаҳкаауеит. Ахәԥса рымшәар, мызкы иалагӡаны, анаҩс аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рахь иҳашьҭуеит, нас дара ирусхоит. Атуристцәа рганахьала ахараԥса зыдҵоу рзы аԥҟарақәа хазы ишьақәыргылатәуп. Урҭ аԥара шрылархуа атәы ҳзиндырыҩцәа аус адулара иаҿуп", - ҳәа иҳәеит Сабуа.
Сабуа иара убасгьы иазгәеиҭеит, ахараԥса шыҟоу азы адыргақәа шаҭаху, уи азы ақалақь ахадара рҟынӡа инаганы азакәан, иахәҭоу аҩырақәа ҟарҵароуп.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы иҳәеит, сынтәа иӡааҟәрылаз рхыԥхьаӡара акырӡа ишмаҷу, иахьазы урҭ хәҩык роуп иҟоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0