Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." иалагеит Аԥсны

© SputnikАбхазский драмтеатр
Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2022
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи XX аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысуеит нанҳәа 26, 28 рзы Аԥсны ақалақьқәа ҩба рҟны - Аҟәеи Пицундеи.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. XX Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." иалагеит Аҟәа нанҳәа 26 рзы.
Аконцерт иалагаанӡа имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы артистцәа аԥсуа журналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа илҳәеит лара лзы ишнасыԥу лыԥсадгьыл аҟны ахәаԥшцәа "амузыкеи анасыԥи рыҭара". Ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит 20-тәи афестиваль Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы иахьымҩаԥысуа символра шамоу, издыруада, мышкызны Аԥсны аоператә театр шьақәгыларгьы.
Гьерзмааԥҳа лажәақәа рыла, апрограммаҿы иҟалоит адуетқәеи ариақәеи.
"Актәи афестиваль анымҩаԥаагоз даара аамҭа уадаҩын. Уи аахыс ҳара ҳшәит, аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, амузыкатә ԥсҭазаарагьы даҽакуп. Афестиваль аҭоурых аҽаԥсахуеит, есышықәса ахьӡ ҿыцқәеи амузыкантцәа дуқәеи цәырҵуеит", - лҳәеит лара.
Аоператә дива иазгәалҭеит афестиваль лҭаацәа ргәалашәара ишазку.
"Агәыӷра сымоуп дара сара бзиа избо аус сшаҿу рбоит ҳәа, ргәы сыладууп ҳәа. 20 шықәса ирылагӡаны афестиваль еизҳаит, уи иҷыдоу ахатә ҭыԥ ааннакылоит, сара сзы уи гәадуроуп", - лҳәеит лара, иагьазгәалҭеит афестиваль иаанаго аԥара Аԥсны амузыкатә школқәеи аҵараиурҭақәеи ишрырҭо.
Апресс-конференциаҟны ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит аоператә шәаҳәаҩы Вероника Џьиоева, адирижиор Феликс Коробов, артист Васили Ладиук. Дара иазгәарҭеит афестиваль ҩаӡара ҳаракыла ишеиҿкаау, уи алахәра дара рзы ишыхьӡу, иара убас Аԥсны иаҳа-иаҳа аԥшӡахара ишаҿу. Дара агәыӷра аадырԥшит Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә еимадарақәа еиҳа-еиҳа ишыҭбаахо.
Актәи аконцерт аан артистцәа Васили Ладиук, Мигран Агаджаниан, Вероника Џьиоева, иара убас Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еиҭарҳаит асакура ҵлақәа аа-шьапык.
Ажәабжьқәа зегьы
0