Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭелиа иҳәеит иарбан классқәоу аҵарашықәс алагамҭаз аурыс рҵагатә шәҟәқәа рыда иаанхо

Қәҭелиа иҳәеит, иарбан классқәоу аҵарашықәс алагамҭаз аурыс рҵагатә шәҟәқәа рыда иаанхо
Анапаҵаҩра
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа арадиоефир аҿы иҳәеит ашколқәа арҵагатә шәҟәқәа рыла реиқәыршәара аус шцо, насгьы иарбан классқәоу Урыстәыла иҭыжьу ашәҟәқәа ашықәс алагамҭаз измауа.
Сынтәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ахахьы иагеит Урыстәыла иҭыжьу арҵагатә шәҟәқәа рыла ашколқәа реиқәыршәара. Убри аан ашәҟәқәа зегьы етап-етапла иааргоит. Иахьазы Гагра араион ада 1 акласс инаркны 7-тәи акласс аҟынӡа ашколқәа еиқәыршәоуп ашәҟәқәа рыла ҳәа адырра ҟаиҵеит арадиоефир аҿы Қәҭелиа.
"Аҩбатәи аетап аан иаараны иҟан ашәҟәқәа зегьы, аха иҟалеит аиԥҟьарақәа. Цәыббрамзазы иаауеит аҩбатәи аетап, уаҟа иҟалоит 10-11 аклассқәа рзы арҵагатә шәҟәқәа. Ас еиԥш изыҟалаз, Урыстәыла иаҳа аԥыжәара арҭеит Украина иҭадырцәуа араионқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа реиқәыршәара. Ҩ-етапкны ҳаилгараны ҳаҟазҭгьы, х-етапкны иалҵит. Ахԥатәи аан иаауеит 8-9 аклассқәа", - иҳәеит Кутелиа.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы иара убасгьы еиҭеиҳәеит зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рхәыҷқәа ашколтә формала реиқәыршәара атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0