Sputnik-и РИА Новости-и ахакерцәа ржәылара ӷәӷәа аԥдырҟәҟәааит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтартовый день V Восточного экономического форума
Стартовый день V Восточного экономического форума - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2022
Анапаҵаҩра
Украина арратә операциа иалагеижьҭеи урыстәылатәи аинформациатә маҵзурақәа рсаитқәа аҳәаанырцәтәи ахакерцәа рыжәлахьан.
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аинформациатә маҵзурақәа РИА Новости-и Sputnik-и уахыки-ҽнаки раахыс имҩаԥысуа DDoS-жәылара ӷәӷәа аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амедиагәыԥ "Россия сегодня" атехникатә ҟазацәа рдыррақәа шаьҭас иҟаҵаны.
"Ажәылара иалагеит асааҭ 18 рынахыс, уажәы уи ахырхарҭақәа зегь рыла еиԥырҟьоуп. Ажәылара еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи имҩаԥысуан - еиҳарак Еиду Америкатәи аштатқәа, Британиа Ду, Украина, Таиланд. Урыстәылантәигьы иҟаз маҷмызт, иҟалап урыстәылатәи аԥҭатә маҵзура рнапаҿы иааргазар", - иҳәеит атехмаҵзурақәа рхаҭарнак.
Иара иажәа иацҵан иҳәеит уаанӡагьы аинформмаҵзурақәа ирыжәлоз ахакерцәа ракәзар шалшо, избанзар аоперациақәа рысхема усҟантәи иеиԥшуп. Урҭ хықәкы хадас ирыман амедиагәыԥ IT-аинфраструктура аус амуртә аҟаҵара, уи аинформациатә система аҩнуҵҟатәии адәахьтәии амаҵзурақәа русура аиԥырҟьара.

Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи абанк дуқәеи амаҵзурақәеи ахакертә гәыԥ Anonymous Урыстәыла акибереибашьра рыланаҳәеит. Урҭ хықәкы хадас ирыман адунеи зегь аҿы Sputnik асаитқәеи егьырҭ аинформациатә маҵзурақәеи русура аиԥырҟьара.
Ажәабжьқәа зегьы
0