Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украина Арбџьармчқәа Запорожтәи Атомтә фымцастанциа хынтә иеихсит уахыки-ҽнаки рыла

© Sputnik РИА  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНовая смена украинских атомщиков приступила к работе на Запорожской АЭС
Новая смена украинских атомщиков приступила к работе на Запорожской АЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит астанциаҿы арадиациатә ҭагылазаашьа анорма иахыҳәҳәом ҳәа, уи аусура иахылаԥшуеит аштат иалоу аҟазауаа.
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Украинатәи артиллериа хынтә Запорожтәи Атомтә фымцастанциа иеихсит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Зынӡа аснариадқәа 17 агәыдҵан, урҭ рахьтә ԥшьба иҷыдоу аргылара №1 ахыб иаахеит, уа иҵәахын америкатәи аиадертә былтәы "ВестингХаус" 168 шьақәгыла", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿы уи адагьы иазгәарҭеит даҽа жәа-снариадк шыԥжәаз аус зыдулоу аиадертә былтәы ахьыҵәаху азааигәара, даҽа хԥа - аиадертә былтәы "ТВЭЛ", арадиоактивтә црыҵқәа рыҵәахырҭа ахьышьҭоу иҷыдоу ахыбра №2, икьакьоу арадиоактивтә црыҵқәа рыҵәахырҭа азааигәара.
Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит ишхысуаз Днепропетровтәи аобласт аиланхарҭа Марганец аҟынтәи, уа игәарҭеит иагьԥыржәеит америкатәи агаубица М777.
Новая смена украинских атомщиков приступила к работе на Запорожской АЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Запорожиетәи АЕС аангылара ЕЕ ахь афымцамчнеира анырра анаҭоит ҳәа рҳәоит амчрақәа
Урыстәыла изныкымкәа адунеитә еилазаара адырра арҭахьан Киев Запорожтәи Атомтә фымцастанциа иахьеихсуа иаанаго аиадертә терроризм ауп ҳәа. Астанциаҿы авариа ҟалар, уи ахҟьаԥҟьақәа Чернобыли Фукусимеи раасҭагьы еицәахоит, усҟан уи Украинеи Урыстәылеи рыдагьы, Европа егьырҭ атәылақәагьы ирԥырхагахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0