Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ахәыҷқәа Москва акультуратә форум иалахәын

© Foto / Министерство культуры АбхазииДелегация Абхазии принимает участие в международном детском культурном форуме в Москве
Делегация Абхазии принимает участие в международном детском культурном форуме в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2022
Анапаҵаҩра
Афорум раԥхьаӡа акәны еиҿкаан, уи мҩаԥысуан хымш - нанҳәа 25-27 рзы, уи девизс иаман "Иаарты адунеи - иаарты ухы-угәы" ("Открой мир – открой себя").
АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Аԥснытәи ахәыҷқәа алахәын Москва имҩаԥысыз Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә фестиваль, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.

Ареспублика ӡырыргон Емилиа Терзиан-Ҳагба, Амина Аншба, Злата Богненко, Лана Габуниа, Лана Чачибаиа, Каиа Хәыпориа. Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь аԥснытәи аҭыԥҳацәа дрыцны дцеит Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниа.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа - амузыка, аҿыханҵа, ахореографиатәи атеатртәи ҟазара, акинематограф, анимациа ахырхарҭақәа рыла. Уи иалахәылацәан ҩ-нызқьҩык рҟынӡа аҟыбаҩ злоу 12 ҳәынҭқарра рҟынтәи ақәыԥшцәа: Аԥсны, Беларусь, Аахыҵ Уаԥстәыла, Сербиа, Ҭаџьыкисҭан, Узбекисҭан, Туркменисҭан, ДЖәР, ЛЖәР, Бахреин, Иран, Египет.
Аусмҩаԥгатә апрограмма иалан аҟазаратә-классқәа, алекциақәа, аҟазарҭақәа, астол гьежьқәа, иара убас еицырдыруа акультура аусзуҩцәа рԥыларақәа.
Дистанционное обучение школьников - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2022
Аԥсны
Ашколхәыҷқәа Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол Жәларбжьаратәи аолимпиада иалахәхар рылшоит
Ажәабжьқәа зегьы
0