Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш, Шьамтәылантәи асасцәа, афестиваль

© SputnikФлаги Абхазии
Флаги Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит нанҳәа 22-28 рзы иҟалаз еиҳа иналкуааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Иҳаҩсыз амчыбжьазы Аԥсны даҭааит Шьамтәылатәи адәныҟатәи аусқәа рминистр, ҳтәылаҟны Аԥсны Ахьымԥшымра азхаҵара амшныҳәа азгәаҭан, Аҟәа иаартын аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...".
Sputnik

Асас дахь

Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад зхадараҿы дыҟаз шьамтәылатәи аделегациа Аԥсныҟа иааиит нанҳәа 24 азы.
Нанҳәа 25 рзы Микдади Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынбеи Аҟәа, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Уи ашьҭахь иаҭааит Алада Ешыра, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал.
Уи аҽны имҩаԥысит адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа реицәажәара. Инал Арӡынба иажәақәа рыла, аусеицураҟны ихадароу хырхарҭаны ишьоит Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура. Феисал Микдад ишьақәирӷәӷәеит Шьамтәыла Аԥсны аус ацура ишазыхио.
Аԥсни Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Инал Арӡынбеи Феисал Микдади аполитикатә констультациақәа рзы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
Иара убас Шьамтәылатәи аделгациа идикылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны Апарламент адепутатцәа дырԥылеит. Микдад иазгәеиҭеит аҩтәылак русеицура арҿиара, арӷәӷәара шырҭаху.

Ахьыԥшымра азхаҵара амш

Нанҳәа 26 рзы 14 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи.
Аслан Бжьаниа ажәлар Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш рыдиныҳәалеит.
"Абри амш инаркны ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рыԥсҭаазараҟны аамҭа ҿыц алагеит. Хьӡы-ԥшала, фырхаҵарыла ианысит Аԥсны жәлар уи аамҭа ҿыц ахь инагаз амҩа. Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп ари амш ҳзаазгаз зегьы хаҭа-хаҭала, ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз", - иҳәеит ахада.
Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵоижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аминистрцәа, аусбарҭақәа, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа русзуҩцәа. Уи ашьҭахь аделегациа Алада Ешыра ақыҭа Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Имемориали, Џьгьарда, Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоуи ирҭааит.
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш инадҳәыланы Sputnik апресс-центр аҟны Симферополь-Цхьынвал- Аҟәа ателецҳа мҩаԥган.
Аԥсны Ахьыԥшымра азхарҵеижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы Москва агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкаан.
Прием по случаю признания независимости Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара амш аҳаҭыр азы Москва агәырӷьаратә усмҩаԥгатә еиҿкаан
Аусмҩаԥгатә аартуа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсназы нанҳәа 26 акрызҵазкуа аҭоурыхтә рыцхә шакәу, 2008 шықәса рзы Дмитри Медведев инапы зҵаиҩыз аусԥҟа аԥсуа жәлар рлахьынҵа зыӡбаз шьаҿа духеит ҳәа.

Ахеилак алшарақәа

Нанҳәа 25 рзы урыстәылатәи ажурналист Владимир Соловиов аинтервиу иҭо Атәыла ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аԥсны шазыхио Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәынҭқарратә Еидгыла алалара.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны шазыхио Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара
Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥсны ибзианы еилыркаауеит иахьазы акыр еиҭашәаз адунеитә ҭагылазаашьааҟны Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа аҵаҵӷәы ӷәӷәа амазаара акыр шаҵанакуа.
Иара убас, Соловиов аинтервиу иҭо Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсни ДЖәР-и ЛЖәР-и реизыҟазаашьақәа аҿиаразы иҟоу агәҭакқәа.

Аҭоурыхтә ԥшаамҭақәа

Иара убас амчыбжь азы ажәытә еибашьҩы иԥсыбаҩ ԥшаан урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа раан.
Аибашьра адәаҿы иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ иалоу ахҿеи, уи ивараҿ иԥшаази Х ашәышықәса иаҵанакуеит.
© Foto / Галина Требелева

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа - Sputnik Аҧсны
1/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

© Foto / Галина Требелева

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа - Sputnik Аҧсны
2/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

© Foto / Галина Требелева

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа - Sputnik Аҧсны
3/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

© Foto / Галина Требелева

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа - Sputnik Аҧсны
4/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

1/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

2/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

3/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

4/4

урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа Маркәыла имҩаԥырго ажрақәа

Уи адагьы ажрақәа раан археологцәа ирыԥшааит амқьаҭқәа, аҟамақәа, абџьар, агәлаҵақәа, ахәыдхаҵақәа, ахаԥыц аԥшра змоу аҭаӡ, иара убасгьы римтәи аԥсыжырҭақәа. Арҭ зегьы аҭҵаара ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭахоит.
Иара убас адырра ыҟоуп Севастопольтәи аҳәынҭуниверситет аҵарауаа Аԥсны археологиатә хыбрақәа 3D-цәыргақәҵа аздырхиоит ҳәа.
Ученые Севастопольского государственного университета и Института востоковедения РАН проводят уникальные исследования в Республике Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2022
Аԥсны
Севастопальтәи аҵарауаа Аԥсны археологиатә хыбрақәа рвиртуалтә цәыргақәҵа аздырхиоит

"Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..."

XX Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." иалагеит Аҟәа нанҳәа 26 рзы.
Аконцерт иалагаанӡа имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы Хьыбла Гьерзмааԥҳа илҳәеит лара лзы ишнасыԥу лыԥсадгьыл аҟны ахәаԥшцәа "амузыкеи анасыԥи рыҭара". Ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит 20-тәи афестиваль Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы иахьымҩаԥысуа символра шамоу, издыруада, мышкызны Аԥсны аоператә театр шьақәгыларгьы.
Актәи аконцерт алагамҭаз артистцәа Васили Ладиук, Мигран Агаджаниан, Вероника Џьиоева, иара убас Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еиҭарҳаит асакура ҵлақәа аа-шьапык.

АрМИ-2022 алҵшәақәа

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа АрМИ-2022 ралахәзаара хдыркәшеит. Аԥснытәи акоманда 34 команда рыбжьара 19 аҭыԥ аннакылеит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иусԥҟала Аԥснытәи атанкистцәа "Арратә еимабзиара арӷәӷәаразы" амедалқәа ранашьоуп.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рыҿиараҿы илагалазы амедал ианашьан агәыԥ алахәыла, амаиор Нинуа, атанкистцәа ргәыԥ анапхгаҩы, аполковникеиҵбы Уанаҿа аобективла иӡбарақәа рзы аҳаҭыртә шәҟәы ианашьан.
Аԥснытәи еизгоу акоманда шьақәгылан 80-ҩык аруаа рыла. Акоманда Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟынтәи иԥрит нанҳәа 3 рзы Москваҟа. Аԥсны АрМИ иалахәуижьҭеи хышыкәса ҵуеит.

Амаамынааӡарҭа аиубилеи

Аԥсны аексперименталтә патологиеи атерапиеи рҭҵаарадырратә Институт 95 шықәса ахыҵит. Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭа аартын 1927 шықәса рзы Николаи Семашко дзаԥхьагылаз аҵарауаа раԥшьгарала. Раԥхьатәи аԥышәарақәа мҩаԥган 1930-тәи ашықәсқәа раан.
50-тәи ашықәсқәа раан Амедицина-биологиатә станциаҿ абиологиеи амедицинеи рактуалтә проблемақәа аус рыдызуло раԥхьатәи акадрқәа азыҟарҵо иалагеит.
Аԥышәареи аҭҵаареи: Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭа 95 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2022
Аԥышәареи аҭҵаареи: Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭа 95 шықәса ахыҵит
1957 шықәса рзы Астанциа Асовет Еидгыла Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут ҳәа еиҭакын. 1958 шықәса рзы аинститут дахагылеит москватәи аҵарауаҩ қәыԥш Борис Лапин.
Иахьазы Аԥсны аексперименталтә патологиеи атерапиеи рҭҵаарадырратә Институт аԥышәарақәа шымҩаԥнагоз имҩаԥнагоит. 2016 шықәсазы Аԥсны АПАрИ Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститути аимҳәазы алаҵа аус адырулеит.

Ахараԥса

Аӡҭалара аԥҟарақәа еилазго ауаа ахараԥса ддыршәалоит Аԥсны. Аӡаҿы ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа еилазгаз ахазхаҿы 600 инаркны 1000 мааҭ рҟынӡа ахараԥса ашәара иқәшәоит.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аӡаҿы аԥҟарақәа реилагаразы ауаа ахараԥса дыршәара иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа аӡаҿы аԥҟарақәа реилагаразы ауаа ахараԥса дыршәара иазкны
Ахараԥсақәа аларгалоит иара убас аплиажқәа аӡҭаларатә сезон иахьазыҟаҵам азы. Уи азы идыршәахоит 9 нызқь инаркны 12 нызқь мааҭ рҟынӡа.

Аԥсшьаҩцәа реиқәырхара

Нанҳәа 25 рзы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аҟәатәи абаӷәаза иацәыхарамкәа зҽызкәабоз амшын иалахаз ҩыџьа аԥсшьаҩцәа еиқәдырхеит.
Липецкантәи иааз атуристцәа Валери Дериугини Михаил Алиеви аҟәара аҟынтәи ҩ-километрак инеиҳаны иӡсаны амшын агәахьы ицеит. Ишәаз рыуацәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟарҵеит асааҭ ааба рыбжазы.
АҶА иатәу Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиқәырхаҩцәа сааҭбжак инеиҳаны аԥсшьаҩцәа ирышьҭан. Урыстәылауаа ԥшааны аҟәарахьы иааргеит.

Акоронавирус Аԥсны

Нанҳәа 12-22 рзы Аԥсны иаадырԥшит 739 COVID-19 ахҭысқәа.
Апандемиа ҵысижьҭеи Аԥсны иаарԥшуп 55 304 коронавирус хҭыс, 693-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҿы ирҳәеит ПЦР-тестқәа рымҩаԥгараз иаарту аҭыԥқәа русушьа.
В Сан-Марино открылся прививочный туризм для желающих вакцинироваться Спутником V - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.08.2022
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара: COVID-19 аҟынтә алаҵа хынтә еиҳаны иҟаумҵароуп
Ажәабжьқәа зегьы
0