Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қаџьаиа ажурналист, апублицист Кьиутԥҳа лзы: лажәабжьқәа рҿы узырхәыцша атемақәа шьҭылхуан

Қаџьаиа ажурналист, апублицист Кьиутԥҳа лзы: лажәабжьқәа рҿы узырхәыцша атемақәа шьҭылхуан
Анапаҵаҩра
Апублицист, ажурналист Нелли Кьиутԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит акыр аамҭа аус лыцзухьаз, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада инапынҵақәа назыгӡо Борис Қаџьаиа.
Асовет Еидгыла, Урыстәыла, Аԥсны ажурналистцәа реидгылақәа ирылаз апублицист, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Нелли Николаи-иԥҳа Кьиутԥҳа иахьа аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргоит Аҟәа. Лара диит аҳҭнықалақь аҟны рашәара 25, 1940 шықәсазы. 1964 шықәсазы далгеит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт.
Нелли Николаи-иԥҳа Кьиутԥҳа Аҟәа аԥсуа интеллигент ҭаацәараҟны ииз, иааӡаз лоуп, хьыӡла -ԥшала агазеҭ аҟны 60 шықәса инарзынапшуа аус луит иҳәеит Борис Қаџьаиа.
"Сара сызхаану аамҭазы агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь" аҟны аҳәса усҟан ирацәаҩымызт. Иуҳәар ауеит лара раԥхьатәи аԥхәызбацәа ажурналистцәа рыгәҭа дгылоуп ҳәа", - иҳәеит Қаџьаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Нелли Кьиутԥҳа агазеҭ "Аԥсны" акультура аҟәшаҟны аус луан, анаҩс 1993 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашколтә ԥсҭазаара иазкыз атемақәа иаҳа дрызхьаԥшуан. Лара дравторуп ажәабжьқәеи аочеркқәеи реизгақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0