Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко иирамш идиныҳәалеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2022
Анапаҵаҩра
Беларуссиа ахада 68 шықәса ихыҵит.
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белоруссиа ахада Александр Лукашенко иирамш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа еиԥҟьарада шәыжәлари шәыԥсадгьыли рымаҵ аура иазкуп. Шәара зымч-зылша, зԥышәа атәыла аҿиареи аизҳазыӷьареи зыжәлар рыԥсҭазаашьа аиӷьтәреи ирызку иналукааша амилаҭтә ԥыза изы ҿырԥшыга бзианы шәыҟоуп", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Аслан Бжьаниа белоруссиатәи иколлега изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, ареспублика ахьӡала алҵшәа змоу аусура.
Ажәабжьқәа зегьы
0