Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҶА ашколқәа рҿы амцакратә шәарҭадараз: ахәыҷқәа рыдкылара ҳазыхиоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Пустой школьный класс
Пустой школьный класс  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2022
Анапаҵаҩра
Ашколқәа рҿы иазгәаҭаз аилагара маҷқәа аиҳарак иԥхасҭаз амцакраз адырраҟаҵагақәеи иԥсахзарц зыхәҭоу амцарцәагақәеи роуп.
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥхынра иалагӡаны Аԥсны АҶА аҟазауаа ареспублика аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы амцакратә шәарҭадара асистемақәа рҭагылазаашьа гәарҭон. Ашколқәа реиҳарак ахәыҷқәа рыдкылара иазыхиоуп. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА амцакратә хылаԥшра аусбарҭа аиҳабы Омар Возба.
Иара иажәақәа рыла, 187 ҵаратә усҳәарҭа рашәарамза анҵәамҭаз агәаҭарақәа ирхыжьын. Урҭ рнапхгаҩцәа ирыдҵан иҟаз аилагарақәа рҭыԥ иқәырҵарц.
Пожарный борется с пламенем в лесу на склонах горной цепи Троодос, в то время как гигантский пожар бушует на Кипре - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу азы агәҽанҵара ҟанаҵоит
Нанҳәамзаз шьаҭанкыла агәаҭарақәа мҩаԥган. Базба иажәақәа рыла, акапиталтә ремонт ахьымҩаԥысуаз ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рҿы аусурақәа мҩаԥысуан амцакратә хылаԥшра аусбарҭа анапхгарала, аха асовет аамҭазы аремонт ззыҟарҵоз ахыбрақәа рҿы аҭагылазаашьа ауадаҩуп.
"Ҳара еилаҳкаауеит ишахәҭаҵәҟьоу аҭагылазаашьа аҟазааразы аԥарақәа шазымхо. Уи азы ахылаԥшратә усбарҭа зыда ԥсыхәа ыҟам аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц адҵа ҟанаҵоит. Арахь иаҵанакуеит амцарцәагақәа, аинформациатә дыррақәа, амцакраан ахымҩаԥгашьаз ахәыҷқәа рыҿцәажәара", - ҳәа еиҭеиҳәоит Омар Базба.
Аексперт инаҵшьны иазгәеиҭеит арҵаҩцәа аинструктаж мҩаԥыргаларц шахәҭоу, уи ахәыҷқәа амцакраан шәарак ҟамҵакәа рхы иацхраарц азы алшара шрынаҭо. Ус шакәугьы, аусурамш анҵәамҭаз акабинетқәа зегьы рҿы алашарақәа ырцәазароуп, амаругақәа зегьы афымца иаҿыхзароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0