Урыстәыла Аиҳабыра ишьақәдырӷәӷәеит 2023 шықәсазтәи аусутә мзар

CC0 / Pexels/ Anete Lusina / Календарь
Календарь  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2022
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы урыстәылаа 26 иусурамшқәам аныҳәамшқәа рзыԥшуп.
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Урыстәыла Аиҳабыра рхада Михаил Мишустин ақәҵара инапы аҵеиҩит 2023 шықәсазы аԥсшьарамшқәа риагаразы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аиҳабыра рсаит.
2023 шықәсазы иусурамшымкәа амҽыша иақәшәаз аныҳәамшқәа ахәашахь ииаргоит (жәабран 24, лаҵара 8).
Ашықәс ҿыц азы урыстәылаа рыԥсы ршьалоит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 инаркны 2023 шықәса ажьырныҳәа 8 рҟынӡа.
Иусурамшымкәа ишьақәыргылахоит иара убасгьы жәабран 23-26, мшаԥы 29 - лаҵара 1, лаҵара 6-9, рашәара 10-12, абҵара 4-6, хәажәкыра 8.
Ажәабжьқәа зегьы
0