Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аексперт Аԥсны акадифаамҭа иаԥеиԥшхаша далацәажәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵанакит акадифаамҭаз аԥсшьаҩцәа аныҟәаразы еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа хәба.
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Сынтәатәи акадифаамҭаз ҵыԥх иаҿырԥшны 12 % рыла еиҳаны Аԥсны атуристцәа ирзыԥшуп. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Ромашкин.
Иара иажәақәа рыла, ҭагалан Аԥсны атуристцәа аднаԥхьалоит амшын ҟәандеи ахәԥса лаҟәқәеи. Уи иахьазы еиҳа аҵакы аманы изхәаԥшуа ҭагылазаашьоуп.
"Амшын ҟәанда акраҵанакуеит аҳауа маҷ-маҷ ихьшәашәахо ианалаго аамҭаз. Аԥсны ааигәа иҟоу Адлер аасҭа амшын аҿы аҽыкәабара аҿҳәара ҩба-хԥа мчыбжьы еиҳауп. Уи адагьы аекономикатә мзызқәа акыр рыҵаркуеит. Аԥсны ахәқәа ишрыцлазгьы Шәачеи Адлери рҿы аасҭа илаҟәуп. 15-20% рыбжьоуп. Ари аԥсшьараан акраҵанакуеит", – иҳәеит аексперт.
Ромашкин иазгәеиҭеит цәыббра алагамҭаз аԥсшьарҭа ҭыԥқәа зегь рахь атурқәа ҭиуп ҳәа. Аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит цәыббра 15 инаркны. Усҟан асасааирҭақәа еиҳа иҭацәуеит.
Жьҭаарамзазы, амшынҭаларатә сезон ахыркәшамҭаз, атуристцәа аӡҭарчқәа змоу асасааирҭақәа алырхуа иалагоит иҳәеит аексперт.
Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2022
Аԥсны
350 нызқьҩык атуриcтцәа сынтәа Пицунда иаҭаахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0