Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арышԥҳа Аҟәа ашколқәа аҵарашықәс ҿыц ишазхиоу атәы

Хра злоу ахҭысқәа: Арышԥҳа Аҟәа ашколқәа аҵарашықәс ҿыц ишазхиоу атәы
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа аспециалист хада Марина Арышԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазхиоу атәы.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵараусбарҭа иаҵанакуеит азеиԥш ҵараиурҭақәа 14, убасгьы иҟоуп латәарадатәии ацхыраагӡатәи ашколқәа.
"Ашколқәа рҟны џьара ахыбрақәа рҽеиуп, џьара ахаларҭақәа, иҟоуп акласстә уадақәа рҿы ацхыраара ахьрыҭоу, араҟа иҳәатәуп аҭаацәагьы ацхыраара шыҟарҵоз атәы. Ашколқәа аҵаҩцәа рыдкылара иазхиоуп. Ҳәарада, аҵара апроцесс алагаразы акадрқәа роума, арҵагашәҟәқәа рызҵаара аума иӡбазароуп, арҭқәагьы хәыҷ-хәыҷы рҭыԥ ақәҵара ҳаҿуп. Уажәы Аԥсны иҭрыжьуа арҵагашәҟәқәа ршара ҳаҿуп. Ишыжәдыруа еиԥш, абыжьбатәи акласс аҟынӡа Урыстәыла иҭрыжьуа арҵагашәҟәқәагьы ашколтә библиотекақәа ашара иаҿуп. Иҟоуп уахь инеихьоу, имнеиц аҵаҩцәа. Иҟоуп арҵагашәҟәқәа рыбжьара ҳаззыԥшызи иахьеиԥшыми, апрограмма маҷк аԥсахра ахьалагалаз", - лҳәеит Арышԥҳа.
Актәи акласс ахь аҳҭнықалақь аҟны ицо рхыԥхьаӡара 850-ҩык инарзынаԥшуеит, урҭ рахьынтә 300-ҩык инарыцны аԥсуа сектор ахь ицеит лҳәеит Арышԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0