Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жьҭаарамзазы аимҳәа хызҽуа изаамҭанытәиу алаҵаҟаҵара иалагоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация против гриппа
Вакцинация против гриппа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәазы алаҵа аагаразы Москватәи аашьҭҩы илацәажәарақәа мҩаԥнагоит.
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Алаҵаҟаҵара иалагоит жьҭаарамзазы. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит ареспублика агәабзиарахьчара аминистрраҿы.
Уажәазы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәазы алаҵа аагаразы Москватәи аашьҭҩы илацәажәарақәа мҩаԥнагоит алаҵақәа "Ультрикс Квадри", "Гриппол плюс" ма "Совигрипп" раахәаразы. Иазԥхьагәаҭоуп х-нызқь доза раагара.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала, уаанӡатәи ашықәсқәа раналитика шьаҭас иҟаҵаноуп ари аҩыза ахыԥхьаӡара зышьақәыргылаз.
COVID-19 азы алаҵақәа иахьазы зынӡа иҟаӡам. Уи зыхҟьаз ҳәа аминистрраҿы ирҳәаз 2022 шықәсазы шамахамзар алаҵа ахьыҟарымҵоз ауп.
Акоронавирус аҟынтә алаҵа ҿарҵахьеит, 200 доза "Спутник-V", 500 доза "Спутник Лайт" лассы иааргараны иҟоуп.
Сотрудник Диагностического центра лабораторных исследований Депздрава Москвы проводит пцр-исследование - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2022
Аԥсны
Мчыбжьык иалагӡаны Аԥсны 800 коронавирус хҭыс иреиҳаны иаадырԥшит
Ажәабжьқәа зегьы
0