Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа Запорожтәи АЕС аҵакыра аанрыжьит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗапорожская АЭС
Запорожская АЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2022
Анапаҵаҩра
Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа арегион аҿы цәыббра 3 рҟынӡа иаанхоит ҳәа агәаанагара ыҟан, аха аделегациа ахәҭак Енергодар нрыжьыр акәхеит.
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Атомтә енергиазы Жәларбжьаратәи амаҵзура адиректор хада Рафаель Гросси зхадараҿы дыҟоу аделегациа Запорожтәи аобласт аҵакыра аанрыжьит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
АЕЖәА амиссиа Запарожиатәи аобласт ахь инеиит аԥшьаша. Аусбарҭа адиректор хада Рафаель Гросси зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәылацәа иддырбеит украинатәи ар рхысра астанциа ианаҭаз ааха.
Енергодар ахада Александр Волга ишиҳәо ала амиссиа алахәылацәа 8-12-ҩык АЕС аҿы иаанхеит, егьырҭ Енергодар аанрыжьит асааҭ 20:00 ҟалаанӡа.
Гросси иҳәеит аделегациа аинформациа рацәа шеизыргаз, ирбарц ирҭахыз – шырбаз.
Урыстәыла цәыббра 6 азы ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ҟаларц аҳәара ҟанаҵеит астанциа алахысра иахьаҟәымҵуа азы. Аилатәараҿы Гроссии ЗАЕС аҭагылазаашьазы иажәахә иазыӡырыҩрраны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0