Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Америкатәи амиллиардер имаҭа дымҵадырсит ашьыжьтәи аҩраан

© AP Photo AJ MastПолицейская машина в Индианаполисе, США
Полицейская машина в Индианаполисе, США - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.09.2022
Анапаҵаҩра
Имҵадырсыз аҭыԥҳа лҭаацәа аҳәамҭа ҟарҵеит дахьыҟоу атәы разҳәо аҳамҭа ширҭо, лыԥшаара зылшо 50 нызқь доллар ширҭо.
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Америкатәи амиллиардер Џьозеф Оргилл имаҭа Елиза Флетчер дымҵадырсит ашьыжьтәи аҩраан Мемфис, аштат Теннеси аҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ New York Post адыррақәа шьаҭас иганы,агазеҭ акәзар, аполициа апресс-маҵзура адыррақәа аанагоит.
"Елиза Флетчер уажәтәи аамҭазы дрымԥшааӡацт. Мемфис аполициа адепартамент ашьаусԥшааҩцәеи аофицерцәеи аҭыԥантәи афедералтә партниорцәеи еицхырааны миссис Флетчер илышьҭоуп", — ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит аполициаҿы.
Аполициа ирԥыхьашәеит ирӷьычыз илтәу иԥҽу аҭели аӡы зҭоу аԥаҭлыкеи. Иара убас ирбеит амашьына еиқәаҵәа ду, дара ргәаанагарала, уи дақәыртәаны дыргазар ҟалоит.
Аҭыԥҳа дымҵаирсит ҳәа агәҩара ззыҟоу 38 шықәса зхыҵуа Клеот Абстон даанкылан, иара ахара идырҵоит аӡәырҩы ауаа иӷьычуан аҭагылазаашьа бааԥсқәа раани ашьақәырӷәӷәагақәа ырԥаршеини. Елиза Флетчер макьана дрымԥшааӡацт.
Имҵадырсыз аҭыԥҳа лабду Џьозеф Оргилл ишьаҭаиркит аилахәыра, Америка, Канада, адунеи атәылақәа 50 инареиҳаны рҿы адистрибуциеи хаз-хазтәи ахәаахәҭреи ирҿу. Orgill Inc. аҭирақәа шықәсыктәи рыҭирақәа рымҽхак иартәоит х-миллиард долларк. Аилахәыра Елиза Флетчер лахь ииасыр акәын.
Ажәабжьқәа зегьы
0