https://sputnik-abkhazia.info/20220904/asny-aprokuratura-khada-zkhabar-yam-liudmila-skorik-lganakhala-agaaraa-irylageit-1041322562.html
Аԥсны Апрокуратура хада зхабар ыҟам Лиудмила Скорик лганахьала агәаҭарақәа ирылагеит
Аԥсны Апрокуратура хада зхабар ыҟам Лиудмила Скорик лганахьала агәаҭарақәа ирылагеит
Sputnik Аҧсны
Скорик лганахьала агәҩара ыҟоуп лмаҵуратә напынҵақәа дырхыҳәҳәаны лмаҵура лхы иархәаны Аҳәынҭқарратә Санитар-епидемиологиатә маҵзура амазара еимылҵәеит ҳәа. 04.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-04T17:17+0300
2022-09-04T17:17+0300
2022-09-04T18:58+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/0d/1031625313_0:2:1500:846_1920x0_80_0_0_7cb4eb83b88d4df63e9bc278e3e0ba26.jpg
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә гәаҭара мҩаԥнагоит Аԥсны уаанӡатәи асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лганахьала. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.Агәаҭара мҩаԥысуеит Скорик лмаҵуратә напынҵақәа дырхыҳәҳәаны лмаҵура лхы иархәаны Аҳәынҭқарратә Санитар-епидемиологиатә маҵзура амазара еимылҵәеит ҳәа афакт ала.Абыржәы ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа нап рылакуп, Аҳәынҭқарратә Санитар-епидемиологиатә маҵзура рҿахәы рҿырхуеит, ашьақәырӷәӷәагақәа еизыргоит.Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ашьаусԥшааратә ӡбамҭа рыдыркылоит хара имгакәа.Асаниатратә ҳақьым хада лусура аҭыԥ аҿы дшыҟамыз еилкаахеит ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза алагамҭазы. Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Скорик лнапхгара адырра шрылымҭаз лыҟамзаара зыхҟьаз, аӡәгьы лыҽшималымдаз, аҭел аҭак шыҟалымҵо. Аусбарҭа амаҵуратә гәаҭара амҩаԥгара иалагеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/01/0d/1031625313_124:0:1457:1000_1920x0_80_0_0_dee02f95aab91c2572d1809e3e8ab2a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Апрокуратура хада зхабар ыҟам Лиудмила Скорик лганахьала агәаҭарақәа ирылагеит
17:17 04.09.2022 (ирҿыцуп: 18:58 04.09.2022) Скорик лганахьала агәҩара ыҟоуп лмаҵуратә напынҵақәа дырхыҳәҳәаны лмаҵура лхы иархәаны Аҳәынҭқарратә Санитар-епидемиологиатә маҵзура амазара еимылҵәеит ҳәа.
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусԥшааратә гәаҭара мҩаԥнагоит Аԥсны уаанӡатәи асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лганахьала. Абри атәы
аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Агәаҭара мҩаԥысуеит Скорик лмаҵуратә напынҵақәа дырхыҳәҳәаны лмаҵура лхы иархәаны Аҳәынҭқарратә Санитар-епидемиологиатә маҵзура амазара еимылҵәеит ҳәа афакт ала.
Абыржәы ашьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа нап рылакуп, Аҳәынҭқарратә Санитар-епидемиологиатә маҵзура рҿахәы рҿырхуеит, ашьақәырӷәӷәагақәа еизыргоит.
Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла ашьаусԥшааратә ӡбамҭа рыдыркылоит хара имгакәа.
Асаниатратә ҳақьым хада лусура аҭыԥ аҿы дшыҟамыз еилкаахеит ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза алагамҭазы. Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Скорик лнапхгара адырра шрылымҭаз лыҟамзаара зыхҟьаз, аӡәгьы лыҽшималымдаз, аҭел аҭак шыҟалымҵо. Аусбарҭа амаҵуратә гәаҭара амҩаԥгара иалагеит.