Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нестор Цужба урыстәылатәи аԥқьаҭасратә тур аҿы аиааира игеит

© Foto / Госкомитет по делам молодежи и спорту АбхазииНестор Цужба стал победителем турнира Российского теннисного тура
Нестор Цужба стал победителем турнира Российского теннисного тура  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 29 -цәыббра 4 зы Москва имҩаԥысит 9-10 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара Урыстәылатәи аԥқьаҭасратә тур "Москватәи аԥқьаҭасра Академиа Ахраҿа".
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Нестор Цужба Урыстәылатәи аԥқьаҭасратә тур "Москватәи аԥқьаҭасра Академиа Ахраҿа" аҟны даиааиит, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.

"Нестор ԥшь-еикәшарак дырхысны афинал ахь днеиит. Дииааиит индаҭлоз Хабаровскынтәи аԥқьаҭасыҩ. Абас ала атурнир аҿы даиааиит", - лҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Елизабет Акуциаԥҳа.

Аԥсуа аԥқьаҭасыҩ қәыԥш Нестор Цужба Александр Островски и-Академиеи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп.
Нестор Цужба 2022 шықәса раахыс аԥқьаҭасразы ареитингтә еицлабраҟны дыхәмаруеит. Ахәмарра даналагоз 450-тәи ацәаҳәаҟны дыҟан, иахьатәи аамҭазы 2013 шықәсазы ииз рыбжьара аԥхьахә ҭыԥ аанызкыло хҩык рыбжьара дыҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0