Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Запорожтәи аобласт аҿы урыстәылатәи ар иҭадырхеит шәҩык рҟынӡа украинатәи аибашьцәа

© Sputnik / Виктор Антонюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБойцы ЧВК "Вагнер" в ДНР
Бойцы ЧВК Вагнер в ДНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Анапаҵаҩра
Арратә операциа иалагазар иҭархоуп: 290 ҳаирплан, 152 вертолиот, 1 889 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 373 зенит-ракетатә комплекс, 4 845 абзарбзанқәеи акәылӡмашьынақәеи.
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Урыстәыла АКМ иҭадырхеит Запорожтәи аобласт аҿы амеханизациа зызуу 65-тәи абригада аруаа шәҩык рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Запорожтәи аобласт аҿтәи аиланхарҭа Веселианка иахьаҵанакуаз Урыстәыла АКМ иҭадырхеит амеханизациа зызуу 65-тәи абригада аруаа шәҩык рҟынӡа, 15 ак аибашьыга техника", - аҳәоит аминистрра адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿы иара убасгьы ирҳәеит Киев уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 15-ынтә ақалақь Енергодари Запорожтәи АЕСи ишриехсыз. Днепропетровсктәи аобласт аиланхарҭа Марганец аҟынтә иҭырҟьан ахгәыцәқәа 20. Урҭ рҟынтәи хԥа АЕС иақәкын.
"Киевтәи арежим Запорожтәи атомтә електростанциа иаехсуеит атехногентә рыцҳара аҭагылазаашьа аԥнаҵарц. Киев уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 15-ынтә ақалақь Енергодари Запорожтәи АЕСи ириехсит", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.
Зынӡа иҭырҟьан ахгәыцәқәа 20. Урҭ рҟынтәи хԥа АЕС иақәкын.
Ажәабжьқәа зегьы
0