Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абла аԥҟарамаҷ адиагностикатә комплекс Ацентр Шәачантәи Аԥсныҟа иаауеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМНТК "Микрохирургия глаза" имени академика С. Н. Федорова
МНТК Микрохирургия глаза имени академика С. Н. Федорова - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дырԥылеит "Аҳақьым Шаталов иклиника" анапхгара цәыббра 6 рзы.
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Абла аԥҟарамаҷ азы еиҭаҵуа адиагностикатә комплекс Ацентр Шәачантәи Аԥсныҟа иаауеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Зыбла аҵәца хәашьу, аӡҩежь амоу, акатаракта ху, аглаукома змоу хәыда-ԥсада игәарҭоит. Ацентр анаауа арыцхә макьаназ ишьақәыргылам.

"Очамчыреи Тҟәарчали рыла ҳалагар ҟалап. Ари раԥхьатәи проектхоит, анаҩс ауааԥсыра рыблабара агәаҭараз алшарақәа ахьаԥҵам егьырҭ араионқәа рахь ҳаиасуеит", - иҳәеит Быҭәба Олег Шаталов даниԥылоз.

Аиԥылараҟны иара убасгьы иалацәажәан Абла аԥҟарамаҷ азы еиҭаҵуа адиагностикатә комплекс Ацентр Аԥсны, Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса змоу, Урыстәыла иатәылауаау ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара азҵаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0