Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Атәанчахәытә фонд аамз рыла атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи шаҟа рырҭаз атәы рҳәеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПолучение пенсии
Получение пенсии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы Аԥсны атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи зауа 49172-ҩык ыҟоуп, атәанчахәқәа рахь иназыцҵоу ашәарақәа –11 387-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Аԥсны Атәанчахәытә фонд 2022 шықәса аамз рыла атәанчахәқәеи, ацхыраагӡақәеи, иназыцҵоу ашәарақәеи 825,8 млн мааҭ рзоунажьит, абри азы аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" адырра аиҭеит афонд аиҳабы Денис Гәлариа.
Ҵыԥх абри аамҭа иаҿырԥшуазар, усҟан атәанчахәқәа шәан 83 млн мааҭ рыла еиҵаны сынтәа аасҭа, зынӡа 742,2 млн мааҭ.
Нанҳәамзазы афонд атәанчахәқәеи иназыцҵоу ашәарақәеи 103,2 млн мааҭ ҟарҵеит. Гәлариа иазгәеиҭеит ԥхынгәымзатәи атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи рыҭара нанҳәамза 4 рзы ихыркәшан ҳәа.
Аԥсуа тәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи ршәаразы иҟаз агхара еиҳа-еиҳа еиҵахо иалагеит иҳәеит Гәлариа.
"Ашықәс нҵәаанӡа ҳара ҳамчала ҳзыгхаз хаҳарҭәааит. Цәыббра 19 инаркны афонд цәыббрамзазтәи атәанчахәқәа аибашьра иадҳәалоу атәанчаҩцәа ркатегориа рзахыԥхьаӡалара иалагоит", - иҳәеит иара.
Атәанчахәытә фонд аиҳабы иажәақәа рыла, аамз рыла афонд иалалеит аԥгаԥсатә шәарақәа 679,6 млн мааҭ, 2021 шықәсазы акәзар - 574,9 млн мааҭ ыҟан.
Иара убасгьы иара иҳәеит 2022 шықәсазы атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи зауа 49172-ҩык шыҟоуп, атәанчахәқәа рахь иназыцҵоу ашәарақәа зауа –11 387-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0