Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Адыгеиа ахада иҭоубашьҭаҵара далахәын

© Sputnik / пресс-служба Президента Республики Абхазия Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в церемонии инаугурации Главы Республики Адыгея
Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в церемонии инаугурации Главы Республики Адыгея - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 6 рзы Нхыҵ Кавказ ареспублика хԥа - Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа - усурала дырҭаарц дцеит.
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҩбатәи аҿҳәаразы иалырхыз Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилова иҭоубашьҭаҵара далахәын. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада иусбарҭа апресс-маҵзура.
"Шәара - аԥышәа змоу политикуп, ҳәынҭқарратә усзуҩуп. Шәара шәнапаҵаҟа Адыгеиа асоциал-економикатә ҿиараҿы ақәҿиара дуқәа аиухьеит. Шәара шәымааԥсара, шәџьабаа ду иабзоураны шәыжәлар рыбзиабара шәаԥсахеит, шәара иҟәыӷоу политикуп, зус здыруа напхгаҩуп", - иҳәеит Бжьаниа, Кумпилов имаҵура иахагылара иазкыз аусмҩаԥгатә аан дықәгыло.
Уи адагьы Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Кумпилов иџьабаа шаду Аԥсни Адыгеиеи рыиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аус.
"Инаҵшьны иазгәасҭароуп хатәгәаԥхарала иҳавагыланы еибашьуаз шәҵеицәа, урҭ иҟарҵаз алагала ахәшьара мариам. Ҳашьцәа-адыгацәа ҳаԥсадгьыл ахьчараҟны рыжәҩахыр ҳамардеит, ҳҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит", - иҳәеит иара.
Обращение Президента Республики Абхазия к парламенту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2022
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны жәлар хатәгәаԥхарала ирыцеибашьуаз ҳаҭырла иргәаладыршәоит
Иара убас Аслан Бжьаниа аусутә еиԥылараан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәалашәара аҿаԥхьа дхырхәеит.
Аԥсны ахада Нхыҵ Кавказҟа ицара азкуп Адыгеиеи, Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черқьесиеи ареспубликақәа аԥҵоуижьҭеи 100 шықәса аҵра аҳаҭыр азы.
Аслан Бжания прибыл с визитом в Республику Адыгея - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәарақәа рзы Адыгеиа Ареспублика даҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0