Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниеи Мураҭ Кумпилови Адыгеиантә Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирԥылеит

© Foto / Пресс-служба Президента АбхазииАслан Бжания встретился с добровольцами в Адыгее
Аслан Бжания встретился с добровольцами в Адыгее - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Анапаҵаҩра
Цәыббра 6 - 12 рзтәи иусутә ныҟәараан Аԥсны ахада Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа хԥа - Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкесиа дырҭааит.
АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Мураҭ Кумпилови 1992-1993 шықәсазы Адыгеиантә Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Шәара ҳашьцәа иашақәа шәоуп. Ианыцәгьараха шәҳавагылеит. Ари ахҭыс Аԥсны ажәлар ахааназгьы ргәалашәараҿы иаанхоит. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит уи ԥхьаҟатәи абиԥарақәагьы ирдыруазарц. Аҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәфырхаҵараз, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи агәамчреи", - иҳәеит ахада.
Мураҭ Кумпилов иазгәеиҭеит Аԥсни Адыгеиеи ахаангьы аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шрымаз, иҳәеит акультура-ҭоурыхтә еимадарақәа шырӷәӷәалатәу, далацәажәеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рызҵаарақәа зегьы ахылаԥшра шрымоу, атәыла анапхгареи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи адгылара шрырҭо.
Аиԥылараан иалацәажәеит ҩыџьа аибашьцәа, аибашьраан иҭахаз "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ рыхҵареи Аҟәа ашҭақәа руак аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа аргылареи рызҵаара.
Уи адагьы аганқәа ԥхьаҟатәи аусеицура иалацәажәеит: аҵара, агәабзиарахьчара, аспорт русхкқәа рҿы аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аиԥш иҟоуи Аԥсны Аҩны Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкесиа аартреи.
Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Т.М. Керашев ихьӡ зху Адыгеиатәи ареспубликатә ҭҵаарадырратә университет (АРИГИ) адиректор Адам Тлеуж аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ианашьан Аԥсни Нхыҵ Кавкази ареспубликақәа рыҭҵаарадырратә центрқәа рыбжьара илагаламҭақәа рзы.
Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в церемонии инаугурации Главы Республики Адыгея - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Адыгеиа ахада иҭоубашьҭаҵара далахәын
Ажәабжьқәа зегьы
0