Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақыҭанхамҩа аминистрра 2022 шықәсазтәи араса аҽаҩра атәы иалацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПроблемы с орехом
Проблемы с орехом - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа араса аизгара аплан 50-55% рыла инагӡоуп ҳәа азгәарҭоит Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы.
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә еизгоуп 7,5 нызқь тонна араса, планла 12,8 тонна шазԥхьагәаҭазгьы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа.
Иара иажәақәа рыла, асеиԥш илаҟәу арбагақәа зыхҟьаз аӡысаамҭа, уи анаҩс амцашоура ӷәӷәа роуп. Уи адагьы, аалыҵ анырра арҭоит акәыкәбаачымазарақәа.
Аҟазауаҩ ишиҳәо ала, сынтәа амармалташь пты араса рацәак ԥырхага анамҭеит. Ианаамҭаз арасашьаҭақәа зхәышәтәыз уи аганахьала уадаҩра рацәак рмоуит иҳәеит иара.
Барганџьиа иажәақәа рыла, аминистрра иаҭахханы ианыҟала, анхацәа ахәшәқәеи ахимикатқәеи рыла еиқәдыршәоит. Аиҳарак аҽаҩра ҭагалан Гал араион аҿы. Уа аплан 70% рыла инагӡан, Тҟәарчал араион аҿы – 50% рыла, Гәылрыԥшь араион аҿы - 80% рыла, Гәдоуҭеи Гагреи - 50% рыла, Очамчыра араион - 25% рыла.
2021 шықәсазы Аԥсны еизган 12 нызқь тонна араса. Sputnik аинтервиу аҭо, аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь иҳәеит ари зыхҟьаз ианаамҭаз имҩаԥгаз ахәышәтәратә уснагӡатәқәа роуп ҳәа.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа араса аарыхра азнеишьеи афеидеи ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Кәарҷиа араса аарыхра азнеишьеи афеидеи ирызкны
Ажәабжьқәа зегьы
0