Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путини Макрони Запорожтәи Атомтә фымцастанциа аҭагылазаашьа иалацәажәеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел телефонный разговор с главами ДНР А. Захарченко и ЛНР И. Плотницким
Президент РФ В. Путин провел телефонный разговор с главами ДНР А. Захарченко и ЛНР И. Плотницким - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Франциеи ирҳәеит МАГАТЕ алархәны Запорожтәи АФС азҵаараз аусеицура ишазыхиоу.
АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Франциа ахада Еммануель Макрони ҭелла Запорожтәи АФС аҭагылазаашьа иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.

"Урыстәылатәи аган азхьаԥшра анаҭеит украинатәи аган иааиԥмырҟьаӡакәа ЗАФС ишеихсуа, арадиоактивтә црыҵқәа рыҵәахырҭагьы абрахь иналаҵаны. Уи ахҟьаԥҟьақәа акыр ашәарҭара рыҵоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Владимир Путин франциатәи иколлега изеиҭеиҳәеит урыстәылатәи аган астанциа ахьчараз аҽазышәарақәа шыҟанаҵо, иазгәеиҭеит Киев апровокациақәа ирҟәаҵырц анырра арҭарц шаҭаху.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит украинатәи аруаа Донбасс аҭынч уааԥсыра ишрылахысуа мраҭашәаратәи абџьар ала. Ахадацәа уи адагьы иалацәажәеит украинатәи арыц алгареи амлакреи рыпроблема. Ирҳәеит ԥхьаҟагьы арҭ азҵаарақәа ишырзыхынҳәло.
Посещение ЗАЭС миссией МАГАТЭ - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2022
Атомтә фымцамч азы Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа Запорожтәи АЕС аҿы иаанхоит
Запорожтәи атомтә фымцастанциа Днепр армарахьтәи аган аҿы игылоуп, Енергодар ааигәара. Ари Европа иреиҳау астанциақәа иреиуоуп. Уаанӡа украинатәи амчрақәа изныкымкәа астанциа иақәкны ихысхьан.
Цәыббрамза алагамҭазы Атомтә фымцамч Жәларбжьаратәи амаҵзура ахаҭарнакцәа Запорожтәи АФС ахь инеит, иагьазгәарҭеит астанциа иамоу аахақәа. Аиҿкаара ааԥхьара ҟанаҵеит аганқәа астанциа акәшамыкәша иҟоу аҵакыра ахьчаратә зона аԥҵаразы еицәажәарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0