Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атурист Урыстәылантә Аԥсныҟа миллион мааҭ алагалара иҽазишәеит

© Foto / пресс-служба Службы по г. Сочи Краснодарской таможни Контрабанда на границе
Контрабанда на границе   - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Анапаҵаҩра
Административтә закәанеилагара аганахьала ашьаус хацыркуп. Азинеилагаҩ ахараԥса идҵахоит ашәҟәы иҭагалам аԥара шаҟа ыҟоу ааҟара ма административтә закәанеилагара амаҭәар имхрала.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аҳазалхыҩцәа атурист Урыстәылантә Аԥсныҟа 1,1 миллион мааҭ алагалара зҽазызшәаз атурист дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә, Шәача ақалақь аҳазалхратә маҵзура.
Аҳазалхырҭатә аушьҭырҭа "Адлер" аҿы даанкылан ахаҵа. Иара игәаҭараан идбалан ацеллофан пакетқәа ирҭаз 1,1 млн мааҭ.

Атурист иҳәеит ариаҟара аԥара раԥхьаӡа акәны аҳәаа ишахигоз, ашәҟәы иҭагалатәуп ҳәа дшыҟамыз. Аԥара Аԥсны иԥсшьараан инихыр иҭахын. Азԥҵәа иахымсуаз аԥара атурист издырхынҳәит, 488 мааҭ имхуп.

Урыстәыла азакәан инақәыршәаны, аԥареи (ма) амҩатә чекқәеи ЕАА 10 нызқь доллар (авалиутатә курс иақәшәо) иреиҳау, аамҭакала атәыла алагалара/алгара аан аԥареи амҩатә чекқәеи ҩыратә формала аҳазалхратә декларациа иахыжьтәуп.
100 000 доллар еиҳаны аҳәаа ахыгараан аҳазалхратә усбарҭа аԥарақәа ирхыҵхырҭоу шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәа рыдгалатәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0