Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла ААР аҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысыр аналшо атәы иалацәажәеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство иностранных дел России
Министерство иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2022
Анапаҵаҩра
Москва агәҭынчымра цәырнагоит Женеватәи аформат ала Қырҭтәыла, Аԥсны, Алада Уаԥстәыла реиҿцәажәарақәа акраамҭа ишьақәханы иахьыҟоу.
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура хацыркхар алшоит Урыстәыла иқәнаргыло азҵаарақәа рҭак аныҟаҵахалак ҳәа иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар.
Уаанӡа Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу реиԥылара мҩаԥысыр ҟалоит жьҭаара 5 азы ҳәа иҳәеит Цхинвал Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа ирԥылаз ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорел Мошану.
"Ҳара изныкымкәа агәҭынчымра ааҳарԥшхьеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа акраамҭа ишьақәханы иахьыҟоу азы. Женеватәи аформат иалҵшәоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аахыҵ Кавказ арегион аҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи алыршаны иахьыҟоу", - ҳәа иҳәеит Гончар.
Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 56-тәи аиԥылара мҩаԥысраны иҟан хәажәкырамзазы, аха аҿҳәара инахан ЕАР, ОБСЕ, ЕЕ мап ахьацәыркыз азы.
Подготовка к переговорам США-РФ в Женеве - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2022
Аԥсны
ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысыр аналшо атәы далацәажәеит
"Аиԥылара аҿҳәара мчыбжьқәак шыбжьаз аиҿкааҩцәа адырра ҟарҵеит аиԥылара зымҩаԥысуам ҳәа. Убри аан амзызқәа азгәарымҭеит, аделегациақәа араунд ахь анеира ишазыхиазгьы. Мраҭашәаратәи ҳпартниорцәа ирҳәо иалагеит "уаанӡатәи арежим ала аиԥыларақәа залшом" ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Гончар.
Иара иажәақәа рыла ус анакәха Женеватәи аиҿцәажәарақәа Швеицариа иахьаҵанакуа рымҩаԥгара ауадаҩрақәа аиуеит.
"Берн Урыстәыла иаҿагылоз асанкциақәа, аурысцәымӷратә хымҩаԥгашьа, еиуеиԥшым аԥкрақәа ианрыдгыла ашьҭахь инеитралу аиҿцәажәарҭатә ҭыԥ астатус ацәыӡит. Уи инадҳәаланы ҳара аиҿцәажәарақәа аҽа ҭыԥк ахь риагаразы ажәадгала ҟаҳҵеит. Ҳазԥшуп ацхантәаҩцәа рҭак. Ҳақәгәыӷуеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура еиҭахацыркхап ҳәа", - иҳәеит иара.
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза аахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны итема хадны ишьоуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицыҟаҵара. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ахь ааԥхьара ҟарҵоит Қырҭтәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩразы, аха Қарҭ уи мап ацәнакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0