Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аолимпиадақәа рыла аҵараиурҭақәа рахь: аԥснытәи абитуриентцәа рзы алшара ҿыцқәа

© Sputnik / Анастасия Петракова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАудитория в главном здании Московского государственного университета имени М.В. Ломоносова (МГУ)
Аудитория в главном здании Московского государственного университета имени М.В. Ломоносова (МГУ) - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи абитуриентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа онлаин-режим ала имҩаԥырго аолимпиадаақәа ирылахәхар ҟалоит.
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи абитуриентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны аҵараҵаразы алшара ҿыцқәа рзаԥҵоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аусзуҩ Руслана Гьергьедааԥҳа.
"Ҳара иаҳзаарышьҭит аԥснытәи абитуриентцәа злахәхар алшо аолимпиадақәа реиқәыԥхьаӡа, урҭ ирхысыз ҳабитуриентцәа ԥышәара цҵада урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалар ҟалоит. Ааигәа уи азы ҳсоциалтә ҳақәа рҿы аинформациа аҳарбеит. Аинформациа аҳарбеит х-ҵараиурҭак- Москватәи афизико-техникатә институт, аекономика Иреиҳаӡоу ашкол (жәларбжьаратәи аҿар ролимпиада), ашкол амагистратура (аолимпиада "Глобальные университеты") рганахь ала", - лҳәеит лара.
Гьергьедааԥҳа лажәақәа рыла аолимпиадақәа ирылахәхар ҟалоит 10-11 класс итәоу аҵаҩцәа.
"Хара имгакәа Москватәи афизико-техникатә институт аолимпиада мҩаԥгахоит. Аҭаҩрақәа ирылагоит цәыббра 17 азы. Ирацәаҩуп аҿар аҭел иаҳзасуа, иҳазҵаауа", - лҳәеит Гьергьедааԥҳа.
Нижегородский лингвистический университет - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2022
Аԥсны
Аԥснытәи абитуриентцәа Нижегородтәи абызшәадырратә ҵараиурҭа имарианы иҭалар рылшоит
Аԥснытәи абитуриентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа онлаин-режим ала имҩаԥырго "Open Doors" аиԥш иҟоу аолимпиадаақәа ирылахәхар ҟалоит.
"Иара убасгьы имҩаԥысраны иҟоуп аинформатика, астрономиа, астрофизика, абиологиатә, афизикатә олимпиадақәа", - лҳәеит Гьергьедааԥҳа.
Аолимпиадақәа рзи алахәхараз аԥҟарақәеи рзы аинформациа аиура алшоит Россотрудничесво ахаҭарнакра аҭел +7840 223 33 54 ала.
Белоярская атомная станция - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2022
Аԥсны
Урыстәыла аҵара: иарбан занааҭқәоу аԥснытәи абитуриентцәа сынтәа иалырхуа
Ажәабжьқәа зегьы
0