Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла аҵара: иарбан занааҭқәоу аԥснытәи абитуриентцәа сынтәа иалырхуа

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБелоярская атомная станция
Белоярская атомная станция - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭахрақәа инарықәыршәаны урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы 2022-2023 ҵарашықәсқәа рзы аквотақәа еиҳахеит 52 инаркны 90 рҟынӡа.
АҞӘА, нанҳәа 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалаз аԥснытәи абитуриентцәа иалырхыз азанааҭқәа ртәы еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.

Еиҳа иалыркаауа иреиуан арҿиаратә занааҭқәа. Уахь иҭалеит 30-ҩык, аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит амедицина – 16-ҩык амедицинатә ҵараиурҭақәа ирҭалеит.

Ааҩык иалырхит архитектура, быжьҩык – аекономикеи аҳазалхратә уси, фҩык-фҩык рҭалеит аинформатикеи аихшьаалагатә техникеи, аинформациатә шәарҭадареи, алингвистикеи афилологиеи рҵараиурҭақәа.
Ԥшьҩык аматематикеи амеханикеи алырхит, иара убриаҟара – азиндырра. Аелектроэнергетика рхы адыркылеит хҩык. Азанааҭ "атуризми асасааирҭатә уси" ҩыџьа ирҭаххеит, арҵаҩы изанааҭгьы ҩыџьа иалырхит.
Выпускники профильных вузов пополнили ряды МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2022
Аԥсны
АҶА ахырхарҭала аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа Аԥснытәи аусбарҭахь аусура ирыдыркылеит
"Иазгәаҭатәуп есышықәса абитуриентцәа рдыррақәа шеизҳауа. Дара реиҳараҩык иалырхуан Москва, Санкт-Петербург, Краснодар рҵараиурҭақәа. Аха сынтәа ирацәаҩын Ростова-на-Дону, Астрахань, Казань, Ставрополь, Волгоград уҳәа ақалақьқәа алызхыз", - иҳәеит Федотов.
Иара иазгәеиҭеит, адунеи зегьы аҿы аиԥш Аԥсны Урыстәыла аҵараҵара аинтерес шьҭырхуа ишалагаз. Уи инадҳәаланы Россотрудничество аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рзы аквотақәа рхыԥхьаӡара 25 000 рҟынӡа ихаргалеит.
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2022
Аԥсны
Урыстәыла аҵараиурҭақәа ирҭоу аԥсуа студентцәа аҳәынҭусбарҭақәа рҿы рԥышәа еиздырҳауеит
2023-2024 шықәсқәа рызтәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы адокументқәа рыдкылара иалагоит цәыббра 1 инаркны. Аҟәа иҟоу Урыстәыла Аҩны асоциалтә ҳақәа рҿы иакьыԥхьуеит абитуриентцәа рзы амҩақәҵагатә цхыраагӡақәа. Уа инарҭбааны иарбахоит аҵараиурҭақәа рсиа, анкетақәа рхарҭәаашьа, аҭаларазы иаҭаху адокументқәа рзы уҳәа аинформациа.
Федотов иазгәеиҭеит, макьаназ заҟа квота ҟало шеилкаам, аха Россотрудничество Аԥсны иаҭахны иҟоу акадрқәа еснагь азхьаԥшра анаҭоит иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0